"2000-тәи ашықәсқәа ианрылагоз Урыстәыла аинтеграциатә процессқәа зынӡа имаҷны имҩаԥнагон, аҳәынҭқарра зынӡа ихыбгалоит ҳәа акәын ишырҳәоз. Аладатәи Кавказ иҟаз агеополитикатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахит, аҳәынҭқарра ҿыцқәа цәырҵит. Уи зыбзоуроу еиҳарак Урыстәылатәи Афедерациа ауп. Уи аганахьала иналукааша х-хҭыск ыҟоуп. Раԥхьа иргыланы, 2008 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра аиура ауп. Ашьҭахь, Украина иҿио иалагеит аполитикатә кризис, убри иахҟьаны иалыршахеит Ҟрым аргьежьра. Ахԥатәи ахҭыс – Сириа аҭышәынтәаларахь ииасит, Урыстәыла арратә бџьарқәа инеиз ирыбзоураны. Абарҭ аххҭыск агеостратегиатә ҭагылазаашьа ахьырԥсахыз иадкыланы Ҟрым Урыстәыла адлара уахцәажәар ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.