Иурченко: Аԥсныи Ҟрыми аиндаҭлара рзаԥсам

© Sputnik Бадрак АвидзбаЕлена Иурченко
Елена Иурченко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Ҟрыми ркурорттә индустриа аидкылара алыршара атәы радио Sputnik аҿы далацәажәеит Ҟрым акурортқәеи атуризми уаанӡатәи рминистр Елена Иурченко.

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Аԥсныи Ҟрыми ркурорттә индустриа абжьара аиндаҭлара ҵакыдоуп, дара дара хеибарҭәаалароуп ҳәа лгәаанагара лҳәеит радио Sputnik аҿы Ҟрым акурортқәеи атуризми уаанӡатәи рминистр Елена Иурченко.

Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Урыстәылауаа еиҳа аԥсшьара ахьырҭаху атәылақәа хәба ирылоуп Аԥсны

"Аԥсни Ҟрыми иашьеи иаҳәшьеи реиԥш еиԥшуп. Ҳара асасдкылара, аԥсшьараз аҭагылазаашьа шьахәқәа раԥҵара, ауаа ацәанырра ссирқәа рыҭара рзы ҳшоушәоуп ҳшыҟоу", - лҳәоит лара.

Ҟрым акурортқәеи атуризми уаанӡатәи рминистр Елена Иурченко еиҭалҳәоит СССР анеилаҳа ашьҭахь, 2017 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны Аԥсны дшаҭааз. Иазгәалҭеит Аԥсны, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә ртуристтә лшара аидкылара ахәҭаны ишылбо.

"Ҟрымтәи асанаториқәа ирҭаауа рҽыхәышәтәны, Шәача иаар алшоит, уаантәи Аԥсныҟа рхы дырхар ауеит. Ма иаԥҵахар ауеит Аԥсны инаркны Ҟрымынӡа еидҳәалоу аплиажқәа", - азылыԥхьаӡоит Иурченко.

Реиҳа аԥсшьара ахьымариоу атәылақәа рреитинг Аԥсны алашәеит

Ҟрымаа азыхиоуп Аԥсны атуризм аусхк аҿиара ацхыраара аҭара. Абри аганахьала аусурақәа мҩаԥысуеит ҳәа азгәалҭоит лара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0