Афизик аԥсабара амаӡақәа аҵдыраара ацынхәрас ауаҩытәыҩса иҩнуҵҟатә дунеи амаӡақәа ашәҟәы абӷьыцқәа реиԥш еихыршәшәо, ирыҵо рыҵдыраауа, ихазеиԥш егьырҭгьы уи иазхьеирԥшуа даналаго, иузцәырҵуеит ихымԥадатәиу адырра – Адунеи ҵәатәышьаҟаны иаҵагыло Ауаҩытәыҩса шиакәу.
Аԥсҭазаара аикәшара џьоукы рзы "иуцрымшәо иуцу ныҳәоуп" аҽа џьоукы рзы уи гәҭахәыцроуп. Амш аниуа иациуа, аҵх аныԥсуа иацыԥсуа рылоуп иахьа уажәраанӡагьы ауаатәыҩса руаатәыҩсара амҩа иацәхымҟьакәа иаазго.
Даара акраҵанакуеит уаԥсуамца аҿаԥхьа унатәаны, амца угәыҵаԥхо еихурԥхьо ашәҟәы узлоу уаалганы аҽа дунеик ахь уанықәнагало. Уи аиԥш зылшаз авторгьы аҽхәаԥхьыӡ даԥсоуп.
Избан сеидроу, аха ҳара аԥсуаа аҽхәаԥхьыӡ кәарма-кәарма аихшара бзиа иаабоит. Лассы-лассы ауаҩы дурҽхәар "соуп" иҳәар ҳәа ҳацәшәошәа ҳхы ныҟәаагоит. Аха убри аамҭазы ҳазхәыцӡом "соуп" ззымҳәо ауаҩы ихы шыҟәнишьо.
Ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳпоетцәа аиҳарак риубилеитә шықәсқәа раан ауп ажәа ҟәандақәа анырхаҳҳәаауа. Сара исыӡбеит абасеиԥш ишьақәгылахьоу аԥҟара маҷк еиласхәарц. Ԥхынгәы 24, 1960 шықәса рзы диит ашәҟәыҩҩы Даур Начҟьебиа. Аҽа шықәс дуӡӡак аофициалтә дныҳәалара азыԥшра аасҭа, игәахәараны избоит иахьа аҳәара: Аҽа шәышықәса гәамчла, маншәаларыла, ҭаацәаратә насыԥла, ҩымҭа ссирла иниасааит!
Хаҭала завтор дысзымдыруаз, урысшәала иҩыз "Берег ночи" захьӡыз ароман аԥхьара саналага, исыман агәаанагара, уаанӡа ишыҟасҵалоз еиԥш, ҩымш-хымш рыла ма саԥхьан салгап, ма наҟ снаханы инықәысҵап ҳәа. Аха аԥхьара саналага, шықәсқәак раԥхьа Роман Полонски икиносахьа "Пианист" санахәаԥшуаз еиԥш, ари аҩымҭа снадыххыланы, игәырхааганы сышзамыԥхьоз збеит. Хыхь зыӡбахә сҳәаз акиносахьагьы хԥаҟа мчыбжьы ахәаԥшра еиҵысхит, избанзар уи ицәырнагоз ахәыцрақәа сара исиааиуан, сыԥсы сзеивымго исныруан, сызрыхьӡомызт. Убасеиԥш акәхеит ари аромангьы. Сара усҟан исымаз сыҩнуҵҟатә дунеи ашәра аасҭа иара еиҳа иажәхьан, еиҳа аԥышәеи ақәреи аҭахын. Ашәымҭак ала адкылара сацәхәыҷцәахеит. Убри азы иӡышо иаразнакы аӡырацәа ижәыр шыҟамлоз дыруа, ҿамҩа-ҿамҩа саԥхьеит. Сагьаиааит. Исоуит автор иазыҟаҵам аԥхьаҩ ицәиҵәахуаз агәахәара дугьы.
Уи ашьҭахьгьы сышьҭра сызхымҵит. Даур Начҟьебиа иҩымҭақәа, ихәыҷума идуума, рыԥхьара азыҟаҵара бзиа шаҭаху дырны, схаҭа сҿаԥхьагьы схы сацәыԥхамшьаларц азы раамҭа шааиз аныснырлак ауп санрыԥхьо. Иҟоуп ианысзеилымкаауа. Уи иснардыруеит сара уи аҩаӡара аҟынӡа сшызхамлац. Наҟ инықәысҵоит. Саамҭеи раамҭеи еиныруа ианыҟалалак - срыԥхьоит. Агәахәара соурц… Схәыцырц… Баша адунеи сшаным здырырц...
"Ночь, я на берегу твоем..." иҳәоит аҩымҭа афырхаҵак.
Аҿықә - ари дгьылуп. Ушьапы ӷәӷәацаӡа иқәгылоуп. Ишәарҭараӡам. Ихадароу - убранӡа азнеироуп.
Адунеитә литературатә еилазаараҿ иҟәнумшьо иаланагалахьо ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа иацтәии уаҵәтәии амш шрымоу аазырԥшуа аҩымҭақәа равтор имшира идаҳныҳәалап зегьы. Мҩамш! Иагьа ҵхы еихаларгьы, иҟалааит АҾЫҚӘ!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Дырмит Гәлиа ипремиа анашьара мҩаԥысит Аҟәа
Автор "Берег ночи" иазкны: аибашьра аԥсҭазаара еилацаланы иузырбо ауп
Наҷҟьебиа: ашәҟәыҩҩи аԥсҭазаареи реидҳәалашьа акалашәа иҟоуп