Дырмит Гәлиа ипремиа анашьара мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукДырмит Гәлиа ипремиа анашьара мҩаԥысит Аҟәа
Дырмит Гәлиа ипремиа анашьара мҩаԥысит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа хы-шықәса рыла знык иранаршьоит.

АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреатцәа адимпломқәа ранашьара мҩаԥысит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ихан аҟны.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит гәахәарыла дшазнеиуа аԥсуа литература ашьаҭыркҩы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа иаԥсахаз адипломқәа ранашьара.

"Сгәы иаанагоит аринахысгьы ҳлитературеи, ҳҟазареи, иааидкыланы ҳдоуҳатә культуреи рырҿиаразы аҳәынҭқарра иалшо ҟанаҵап ҳәа. Абаҩхатәра змоу ауаа ирыбзоураны иахьа ҳҟазара Аԥсны анҭыҵ ибзианы ирдыруеит. Иҵегь аихьӡарақәа шыҟало здыруеит рыӡбашьа ҳанақәшәа ҳхатәы культуреи ҳбызшәеи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалар сҭахуп иахьатәи ахҭыс, ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәеизҳара, агәалаҟазаара бзиа", — иҳәеит Аԥсны Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеи алитература, аҟазара знапы алаку ауаа рџьабаа шырацәоу, урҭ рырҿиаратә ус аҟны аманшәаларақәа рзеиӷьеишьеит.

Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы акомиссиа ахантәаҩы Алықьса Гогәуа иажәақәа рыла, ари ахҭыс ныҳәоуп. Иалкааз аусумҭақәа ҟазарыла иаԥҵоуп, иаԥсаны апремиа ранашьоуп, иҳәеит уи.

Алитературеи аҟазареи рҿы иаԥырҵаз, зыҩаӡара ҳараку, ауаажәларра ирылаҵәаз арҿиамҭақәа рзы, алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа аӡбамҭала 2014-2016 шықәсқәа рзы апремиа ранашьан:

Виачеслав Аблоҭиа – аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы здублиаж ҟаиҵаз амультфильмқәеи асахьаркыратә фильмқәеи рзы. Вахтанг Аԥҳазоу – иажәеинраалақәа реизга "Зымцахә еиқәу". Лиудмила Гәымԥҳа – аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иналыгӡаз амузыкатә ԥҵамҭақәа рзы. Владимир Занҭариа – ажәеинраалақәа реизга "Бзанҵы". Даур Наҷҟьебиа ироман "Аҵх ахықәан".

© Sputnik / Томас ТхайцукПремия им. Дмитрия Гулия
Премия им. Дмитрия Гулия - Sputnik Аҧсны
Премия им. Дмитрия Гулия

"Ирыдсныҳәалоит сҩызцәа аџьабаа збахьоу ҳкультура, ҳҟазара, ҳлитература уахгьы-ҽынгьы амаҵ азызуа. Дырмит Гәлиа ишҟа ианакәзаалакгьы ҳхынҳәуеит зегьы, зегь Гәлиа иҟнытә ауп ҳшалаго арҿиара аус. Иахьа ҳаԥсуа литература, адунеи аҿы иӷәӷәаӡа аҭыԥ ааннакылоит", — иҳәеит апремиа алауреат Владимир Занҭариа. 

Алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа хы-шықәса рыла знык иранаршьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0