Аҳақьым Шьакаиаԥҳа: ауаа агепатит шрымоу машәырла ианырдыруа ыҟоуп

Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара ԥхынгәы 28 агепатит иаҿагыланы ақәԥара Адунеизегьтәи амш ҳәа рыланаҳәеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шамахамзар ауаа агепатит шрымоу машәырла ауп ишырдыруа ыҟоуп, аҽа чымазарак азы аҭҵаарақәа анымҩаԥырго ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-агепатолог Аелита Шьакаиаԥҳа.

"Агепатит В агепатит С еиҳа ишәарҭоу ҳәа ишьоуп. Урҭ наунагӡатәи аформа роур алшоит. Иара ахы рацәак иунардыруам. Аҩежьра змоуз ауаа акгьы ҳахьуам ҳәа иршьоит. Амч маҷра, ашьшьылаҳара агепатит ицәырнаго аҽакы иақәаҳҵоит", - лҳәоит лара.

Апациентцәа аиҳарак ҳара ианҳаднагало ргәаҵәа ашәарҭара ианҭагылалак, ианыхьшәахалак ауп ҳәа азгәалҭоит аҳақьым. Ус шакәгьы иахьатәи аамҭазы агепатит С авирус уалзырго атерапиа ыҟоуп.

"Ҳауаажәлар рахь схы нарханы исҳәоит: шықәсыбжак ахь знык аҽгәаҭара аҭахуп, асимптоматика убарҭоу иубарҭаму иахьмырԥшыкәа", - лҳәоит Аелита Шьакаиаԥҳа.

Агепатит еиҳарак ирылазырҵәо анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло роуп.

2010 шықәса рзы Адунеизегьтәи агәабзиарахьчараз аиҿкаара ԥхынгәы 28 агепатит иаҿагыланы ақәԥара Адунеизегьтәи амш (World Hepatitis Day). ҳәа рыланаҳәеит. Аусхк аԥшьгамҭоуп агепатит иаҿагыланы ақәԥараз Жәларбжьаратәи алианс (World Hepatitis Alliance, WHA).

Арыцхә алхын гепатит В авирус аазыртыз Нобель иаԥхьахә алауреат, апрофессор Баруха Самиуел Блумберг (Baruch Samuel Blumberg) ииарамш аҳаҭыр азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: