Ақаҩба: Аԥсныи егьырҭ атәылақәеи реимадареи алшом ҳәа Қарҭ иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә ареисқәа рымҩаԥгара алшом ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә ареисқәа рымҩаԥгареи Аԥсныи егьырҭ атәылақәеи реимадареи алшом ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа – иаабац, ҳзышьцылахьоу, Аԥсны ишауала аҭахкаара азуроуп иззырхо, иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

"Ишырҭаху зегь зыҟалом. Ала шуеит аҽы ҳәуеит", - иҩуеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Facebook аҿы.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла қарҭ акритика азнаухьан Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтәи аҳәынҭқаррабжьаратә реисқәа рымҩаԥгара аидеиа. Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭоит жәларбжьаратәи ареисқәа Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә рымҩаԥгара Жәларбжьаратәи аграждантә авиациа аиҿкаареи (ICAO) Қырҭтәыла азакәанԥҵареи ирҿагылоит ҳәа. Аиҿкаара ICAO Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи аҳауатә ҵакыра акзаареи азханаҵоит ҳәа азгәаҭан адырраҭараҿы.

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра ашьҭахь иаиуеит алшара уахыки-ҽнаки рыла хнызқьҩык инадыркны хәнызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рыдкылара.

Қырҭтәыла Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә ареисқәа рымҩаԥгара акритика азнауеит

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа инацәхыкны иҟоуп, Бабышьра аҳаблаҿы. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа.

1993 шықәса рзы аԥхасҭа ду зауз аҳаиртә баӷәаза адыркит. 2000 шықәса рзы ахыбреи абаӷәаза аҵакыреи аминақәа рҟынтәи идрыцқьеит.

2006 шықәса рзы аграждантә авиациа Жәларбжьаратәи аиҿкаара ICAO Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза акод аԥнахит, аинформациагьы адокументқәа ирылнахит. Аҳаиртә баӷәаза жәларбжьаратә еимадаразы иаркхеит.

2011 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аҳаиртәеилахәыра "Новапорти" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

2014 шықәса рзы Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи аилахәыра "Аэропорт Девелопменти" аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аусеицураз аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Иахьазы аҳаиртә баӷәаза ахархәара амоуп Аԥсны арра-ҳаиртә мчрақәа рзы.

"Ари азҵаара аӡбара мариаӡамызт. Ирацәан аинвесторцәа апроетк згарц зҭахыз, иҟан зхатәы аинтересқәа раԥхьа изыргылоз, аха Урыстәыла аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаицәажәараҿы, агәра сдыргеит, азҵаара аӡбара шауа. Ари раԥхьатәи шьаҿақәоуп, апроект иацхраатәуп, иадгылатәуп- қьаадла ишьақәҳарӷәӷәоу аԥсҭазаараҿы аус ауртә иҟаҵатәуп. Иҳамаз азакәанқәеи, иахьа иҳадаҳкылоит ҳәа ҳазлацәажәози еиқәыршәаны аус еицыруртә иҟаҵатәуп. Аҳаир баӷәаза аус аур, усҟан ҳҳәынҭқарра даҽа хаҿрак аиуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

2015 шықәса рзы Рауль Ҳаџьымба аҳәамҭа ҟаиҵахьан аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы макьана атәылаҿ иазхо аԥара ыҟам ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: