Арадио

Ӡаԥшьба атурнир "Гәдоуҭа OPEN"азы: ақәыԥшцәа рзы ԥышәа бзиоуп

Ашахматтә еицлабрақәа "Гәдоуҭа OPEN" ирылахәу, иреиӷьу ахәмарыҩцәа иреиуоу Руслан Ӡаԥшьба арадио Sputnik аҟны иҳәеит урҭ есышықәса иахьымҩаԥысуа ԥышәа бзиоуп ахәмарыҩцәа рзы ҳәа.
Sputnik
Ӡаԥшьба атурнир "Гәдоуҭа OPEN"азы: ақәыԥшцәа рзы ԥышәа бзиоуп

"Есышықәса зхы алазырхәуа рацәоуп, Аԥсны анҭыҵынтәгьы иаауеит аспортсменцәа. Иара аамҭагьы акыр ианаалоит, рыԥсгьы ршьоит. Аԥснынтә уи зхы алазырхәуа рзы даара ԥышәа бзиоуп. Ашахамат асыҩцәа рыҩаӡара акыр иҳаракуп, уажәтәи атурнир иалахәуп Жәлабжьаратәи аҩаӡара змоугьы. Ас еиԥш атурнирқәа мҩаԥымсуазҭгьы ашахмат аҿиаразы иуадаҩхон", - ҳәа азгәеиҭеит Ӡаԥшьба.

Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Abkhazia Open-2019" Аԥсны ақалақьқәа хԥа рҟны имҩаԥысуеит ԥхынгәы 22 инаркны нанҳәа 20-нӡа: Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа. Қалақьцыԥхьаӡа аицлабрақәа жәамш имҩаԥысуеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: