Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа ашахмат иазкны: сшьаҿақәа ҭазыҩуеит, нас сыхәмаршьа аҩны еилсыргоит

© Sputnik / Илона ХварцкияНестор Квициния
Нестор Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколи ашахмат асреи бзиа избо Нестор Кәыҵниа Очамчыра имҩаԥысуа жәларбжьаратәи ашахматтә турнир далахәуп. Избан ашахматист қәыԥш аинтеллектуалтә хәмарра бзиа изыибо, насгьы иарбан еихьӡарақәоу иааирԥшхьоу, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Нестор Кәыҵниа ашахмат асра иазкны

"Уажәы "Очамчыра OPEN" салахәуп, фынтә саиааихьеит, знык саҵахеит агха ахьыҟасҵаз азы.  Сааҭки бжаки аамҭа ҳамоуп, ҳашныҟәо зегьы ҭаҳаҩуеит. Ахәмарраҿы сара сшьаҿақәа ҭазыҩуеит, анаҩс агха ахьыҟасҵаз еилсыргоит. Ашахмат макьана бзиа ибаны сыхәмаруеит. Аԥсны аҩныҵҟа ауп аицлабрақәа сахьрылахәхьоу, анҭыҵ сымцацт, сан ашкол бжьасыжьыр лҭахым. Ашахмат ихәмаруа рахьынтә сара далыскаауеит Каспаров, Магнус Карлсен", — иҳәеит Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0