Константин Ҭыжәба: Аԥснытәи ашахмат аcцәа рхы бзианы иаадырԥшит

© Фото: личный архив Константина ТужбаАԥсны ашахматтә федерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба
Аԥсны ашахматтә федерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ашахматасыҩ ажәахатәи аҭыԥ ааникылеит 700-ҩык алахәылацәа рҟынтәи Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Moscow open 2015" аҟны.

АҞӘА, жәб 8 – Sputnik. Аԥснытәи ашахмат асцәа қәыԥшқәа рхы бзианы иаадырԥшит: урҭ рахьтә иреиӷьыз алҵшәа ааирԥшит 15 шықәса зхыҵуа Даниель Гаспариан Гагратәи ашахматтә школ аҟынтә, уи иааникылеит ажәахатәи аҭыԥ быжьшә-ҩык ахьыҟаз, ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аԥсны ашахматтә федерациа аиҳабы Константин Ҭыжәба.

Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль "Moscow open 2015" асабшазы ихыркәшан.

Агроссмеистерцәа злахәыз аиҳабацәа ртурнир инаваргыланы хазы ахәыҷқәа рзы атурнирқәа мҩаԥысуан. Зынӡа еицлабуан 700 ақәыԥшцәа Урыстәылеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҟынтә, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан жәа-ҩык аԥсуа хәыҷқәа.

"Ҳара ҳзы дара акраҵанакуеит ҳбираҟ шьҭыхны ақәгылара ахьҳалшо", — иҳәеит Ҭыжәба.

Афестиваль аиҿкааҩцәа Москва ашахматтә Федерациеи, абҩарҵәыратә культуреи, аспорти Москва ахадареи иазгәарҭеит Аԥснытәи ашахматасцәа ари атурнир ралахәра, иара убас, Аԥснытәи аспортсменцәа разыҟаҵара ишазҳаз.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан жәа-мшы, зынӡа жә-турк мҩаԥысит.

Ажәабжьқәа зегьы
0