Бзыԥ ақыҭан иԥшааз асовет аруаҩ иԥсыбаҩ қьырсиан ҵасла анышә еиҭамардоит

Бзыԥ ақыҭан асовет аруаҩ иԥсыжырҭа рыԥшааит жәабран 13 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Бзыԥ ақыҭан асовет аруаҩ иԥсыбаҩ рыԥшааит жәабран 13 рзы. Аԥсыбаҩ қьырсиан ҵасла деиҭаржуеит гагратәи анышәынҭрақәа рҟны ҳәа Sputnik иазааицҳаит апроект "Ахьӡ архынҳәра" анапхгаҩы Григори Скворцов.

"Уаанӡа ҳгәы иаанагон аԥсыбаҩқәа ҩба ыҟоуп ҳәа. Аха уажәы ишьақәҳаргылеит солдаҭк анышә дшамадаз. Арахь дааҳаԥхьеит гагратәи аепархиа амаҵзуҩы Аб Афанаси. Асолдаҭ қьырсиан ҵасла деиҭаажуеит гагратәи аԥсыжырҭақәа руак аҿы", - иҳәоит иара.

Ари анышәынҭра рацәак иацәыхарамкәа апроект алахәылацәа аҽа нышәынҭракгьы рбеит, аха уахь анеира ахьыуадаҩу иахҟьаны ижу ихаҭара ашьақәыргылареи аҽаџьара иеиҭажреи цәгьахоит.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра ражәақәа рыла, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан ақыҭаҿы асовет аруаа ргәыԥ гылан. 1942 шықәса рзы ҩыџьа еилкаам аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны иҭахеит, аха урҭ рыжырҭаҭыԥ ҳәа аӡәгьы акгьы издыруамызт.

  • Жьиба "Ахьӡ архынҳәразы": аҿарацәа ирдыруазароуп рабдуцәа ирхыргаз, ирлахьынҵахаз

  • Леон Чуаз: сымч-сылша зегьы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазыскыр сҭахуп