Марина Цветаева лыҩны-музеи аҿы Варвара Бубнова лусумҭақәа цәыргақәҵахоит

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит иапониатәи аҿыханҵа иазкны амастер-классқәеи асахьаҭыхыҩцәа рԥылареи.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Марина Цветаева лыҩны-музеи аҿы имҩаԥгахоит 1920-1960 шықәсқәа раан Иапониа иҭыхыз Варвара Бубнова лусумҭақәа рцәыргақәҵа. Ацәыргақәҵа аартуп нанҳәа 9 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа.

"Нанҳәа 9 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа Марина Цветаева лыҩны-музеи аҿы имҩаԥгахоит 1920-1960 шықәсқәа раан Иапониа иҭыхыз Варвара Бубнова лусумҭақәа рцәыргақәҵа. Апеизажқәа, апатреҭқәа, автопатреҭқәа ирацәоуп арахь иаагахо. Варвара Бубнова Аҟәа данынхоз арҭ аусумҭақәа зылҭоз дрыҳәон Урыстәыла аҳәаақәа ирҭырымгарц. Аколлекциа иџьоушьаратәы еиқәхеит", - ҳәа аҳәоит аҩны-музеи асаит адырраҭараҿы.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит иапониатәи аҿыханҵа иазкны амастер-классқәеи асахьаҭыхыҩцәа рԥылареи.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Варвара Дмитри-иԥҳа Бубнова диит лаҵара 17, 1886 шықәса рзы, Санкт-Петербург.

1922-1958 шықәсқәа раан Иапониа дынхон, аус луан, аурыс бызшәеи алитературеи дрырҵаҩын. Бубнова — Иапониа аурыс бызшәеи акультуреи раларҵәаразы хәы змаӡам Акарона аорден ланашьан.

1958 шықәса рзы Варвара Бубнова Аҟәаҟа нхара ҳәа диасуеит.

Лыԥсҭазаара далҵуеит хәажәкыра 28, 1983 шықәса рзы Ленинград. Анышә дамадоуп Аҟәа.