Адесантцәа рныҳәа мҩаԥыргоит Аҟәа

Аҳауа-десанттә ар рымшныҳәа азгәарҭоит нанҳәа 2 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2– Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь агәҭаҿы адесанттә ар рымшныҳәа азгәаҭара мҩаԥысуеит.

Адесантцәа рныҳәа мҩаԥыргоит Аҟәа

Аҳауа-десанттә ар рымшныҳәа Аҟәа иазгәарҭоит нанҳәа 2 рзы, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран Ҳасан Ҳаразиа анышә дахьамадо аҭыԥ аҟынтә. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа абаҳча маҷ аҽы рҽеизыркит адесанттә ар рыррамаҵзурауаа. Ирацәаҩуп зхыҷқәа зыманы иааизгьы.

Адесантцәа рныҳәа мҩаԥыргоит Аҟәа

Сынтәа, Аԥсны аҳаир-десанттә ар шьаҭаркуижьҭеи 11 шықәса ҵит.

Аҳауа-десанттә ар рымшныҳәа азгәарҭоит нанҳәа 2 рзы. 1930 шықәса абри амш аҽны Москватәи арратә округ Воронеж амҵан рҽазыҟаҵараан раԥхьаӡа акәны апарашиутқәа рыла итәеит 12-ҩык адесантцәа.

Адесантцәа рныҳәа мҩаԥыргоит Аҟәа