Амшынеиқәаҿ аҽыкәабаразы еиҳа ицқьоу аҭыԥ алкаауп

Аҵарауаа ражәақәа рыла иалкаауп Амшынеиқәаҿ еиҳа ицқьоу аҭыԥ.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2– Sputnik. Амшынеиқәаҿ зегь раасҭа аӡы цқьоуп ҳәа ишьоуп Ҟрым адгьылбжьаха мраҭашәаратәи аԥшаҳәа, ашыцә Тарханкут ааигәара. Абасеиԥш алкаақәа ҟарҵеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Амшынтә гидрофизикатә институт аҵарауаа.

Амотохысыҩцәа Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аинститут адиректор Сергеи Коновалов РИА Новости иазеиҭеиҳәеит асеиԥш аҭагылазаашьа абри амшынхәҭаҿы аӡыҵаҟатәи еиҩысрақәа ишырхырҟьо.

"Ара аӡқәа рыҵаулара дууп, еиҳагьы ицқьоуп, ҵәҩанҵәы ихало аӡқәа армараҟынтә арӷьарахь еихагьыжьуеит. Аҟазшьарбагақәа зегьы инарықәыршәаны Амшынеиқәа аӡқәа абра еиҳа ицқьаны ишьоуп", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Еиҳа иҟьышьу аӡқәа аӡыбжьахалақәеи аӡыӷӷарақәеи рҿоуп ҳәа иҳәоит иара. Арахь иаҵанакуеит румыниатәии украинатәии амшынԥшаҳәақәа, Ҟрым мраҭашәаратәи ахәҭак.

"Аҵаулара заҟа еиҳау аҟара амшынӡ рацәоуп, аӡыҟьышьқәагьы еиҳа рҽеихыршоит", - иҳәоит Коновалов.

Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит аӡыбжьахалақәа рҟны аӡеиҭныԥсахлара ахьмаҷу азы аӡқәагьы еиҳа иҟьышьуп ҳәа.