Амшынеиқәаҿ аҽыкәабаразы еиҳа ицқьоу аҭыԥ алкаауп

© Sputnik / Александр Полегенько / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмшынеиқәаҿ аҽыкәабаразы еиҳа ицқьоу аҭыԥ алкаауп
Амшынеиқәаҿ аҽыкәабаразы еиҳа ицқьоу аҭыԥ алкаауп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаа ражәақәа рыла иалкаауп Амшынеиқәаҿ еиҳа ицқьоу аҭыԥ.

АҞӘА, нанҳәа 2– Sputnik. Амшынеиқәаҿ зегь раасҭа аӡы цқьоуп ҳәа ишьоуп Ҟрым адгьылбжьаха мраҭашәаратәи аԥшаҳәа, ашыцә Тарханкут ааигәара. Абасеиԥш алкаақәа ҟарҵеит Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Амшынтә гидрофизикатә институт аҵарауаа.

Учения Кавказ-2016: мотострелки под прикрытием авиации отразили атаку - Sputnik Аҧсны
Амотохысыҩцәа Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аинститут адиректор Сергеи Коновалов РИА Новости иазеиҭеиҳәеит асеиԥш аҭагылазаашьа абри амшынхәҭаҿы аӡыҵаҟатәи еиҩысрақәа ишырхырҟьо.

"Ара аӡқәа рыҵаулара дууп, еиҳагьы ицқьоуп, ҵәҩанҵәы ихало аӡқәа армараҟынтә арӷьарахь еихагьыжьуеит. Аҟазшьарбагақәа зегьы инарықәыршәаны Амшынеиқәа аӡқәа абра еиҳа ицқьаны ишьоуп", - иҳәеит аҵарауаҩ.

Еиҳа иҟьышьу аӡқәа аӡыбжьахалақәеи аӡыӷӷарақәеи рҿоуп ҳәа иҳәоит иара. Арахь иаҵанакуеит румыниатәии украинатәии амшынԥшаҳәақәа, Ҟрым мраҭашәаратәи ахәҭак.

"Аҵаулара заҟа еиҳау аҟара амшынӡ рацәоуп, аӡыҟьышьқәагьы еиҳа рҽеихыршоит", - иҳәоит Коновалов.

Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит аӡыбжьахалақәа рҟны аӡеиҭныԥсахлара ахьмаҷу азы аӡқәагьы еиҳа иҟьышьуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0