15 шықәса раԥхьа нанҳәа 6 рзы Аԥсны Жәлар реизара иаднакылеит 60 хәҭаҷ рыла ишьақәгылоу Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа рзы азакәан. Ари аамҭа иалагӡаны азакәан апроект аԥсахракәа алагалан ицәырҵуа иалагаз аинтернет саитқәа рганахьала. Азакәан аус адулаҩцәа дыруаӡәкуп уи аамҭазы депутатс иҟаз Баҭал Хагәышь.
"Уи аамҭазы зҵаара хадас иҳамаз амассатә информациатә хархәагақәа аус бзианы ируртә аҟаҵара акәын, аҭакԥхықәреи рзинқәеи азакәан аҟны иарбатәын. Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Страничкини ҳхеилаки аус еицаҳуан. Ирацәаҩны ажурналистцәа алархәны аиԥылара ҳаман. Аамҭа цацыԥхьаӡа аҽыԥсахрақәа ҟалоит, ицәырҵит аинтернет аҟны еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа. Иаҳхашҭуа ҳалагеит аҭакԥхықәра, адемократиа ҳҳәан аҳәынҵәеиқәҭәарахь ҳагеит. Убри аҟынтәи азакәан аҟны аҭакԥхықәра алаҳгалеит, аҳәынҭқарратә бызшәа иаҳа аҽарҭбаарц иаҳарбеит 50 процент инацны аԥсышәала иҟазароуп адырраҭарақәа , аинформациа. Уи акьыԥхь аҟны, аелектронтә хархәагақәа рҟны. Иахьа ишахәҭоу аус руӡом азакәан аҟны иарбоу ахәҭаҷқәа", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шщылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Руслан Ҳашыг: аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵамхо иҟаҵатәуп
Ажурналистцәа: аинформациатә хархәагақәа- аԥхьаҩ, ахәаԥшы, азыӡырҩы дрымоуп