Ажурналистцәа: аинформациатә хархәагақәа- аԥхьаҩ, ахәаԥшы, азыӡырҩы дрымоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГазета "Апсны"
Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Когониаԥҳа лымҩаду" адырраҭараҟны иалацәажәеит аелектронтә информациатә хархәагақәа ирҿырԥшны, ԥеиԥшс ирымоузеи аԥсуа кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа, хықәкыла, агазеҭқәеи, ажурналқәеи.

Sputnik

Аԥсны аинформациатә хархәагақәа рымш инадҳәаланы "Коӷониаԥҳа лымҩаду" адырраҭараҟны иалацәажәеит аелектронтә информациатә хархәагақәа ирҿырԥшны, ԥеиԥшс ирымоузеи аԥсуа кьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа, хықәкыла, агазеҭқәеи, ажурналқәеи.

"Когониаԥҳа лымҩаду": Аԥсны амилаҭҭә журналистика амш иазкны

Ари азҵаатәы азы ргәаангара рҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахада ихаҭыԥуаҩ, ажурналист Зураб Аргәыни, алитературатә-уаажәларратә политикатә журнал "Алашара" аусуҩы, ашәҟәыҩҩы, апублицист Дмитри Габелиеи.

"Амилаҭтә кьыԥхь ҭыжьымҭақәа русушьа аҷыдарақәа ыҟоуп. Агазеҭқәа русура сазааҭгылар сҭахуп, аибашьра аилгеижьҭеи иахьа уажәраанӡа  Аԥсны иҭыҵуаз, аха уажәы акьыԥхь зымбо ауаа аинтерес рызцәырызгоз агазеҭқәа ыҟан. Ауаҩы дзызҿлымҳахаша, ишьҭыхны дзыԥхьашаз агазеҭқәа ҳаман, аха урҭ ҳәынҭқарратәқәаӡамыз. Иаҳҳәап, акьыԥхь амаҵ азаҳуеит, аха аԥхьаҩ иаҳасабала ҳазҿлымҳауп егьырҭ аҭыжьымҭақәагьы. Агазеҭ аҟны избарц сҭахуп иахьа ауаажәларра зыргәамҵуа, рхәыцрақәа, ргәалаҟазаара зныԥшуа аинформациа.Уарлашәарла акәымкәа инеиԥынкыланы, ҵәыхтәы ҟамҵакәа зегьы иазааҭгылозар сҭахуп", — ҳәа иҳәеит Габелиа.

Чаепитие журналистов с президентом - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Ҳәарада аматериал ахьӡ акырӡа аҵанакуеит, ҳәа ргәаангара ыҟоуп ажурналистцәа.

"Ахьӡ адагьы аматериал анализ ахьынӡаҟаҵоу, иахьынӡаҵаулоу еиҳагьы акыр ӡҵазкуа акакәны иҟоуп. Ахьӡ ауаҩы раԥхьаӡа илаԥш зықәшәо акәны иҟалар ауеит, иара убасгьы афотосахьақәа. Иаҳҳәап, адунеи аҟны еицырдыруа агазеҭқәа рыҟны иҟоуп ауаа лымкаала ахьӡқәа зхәыцуа", —  иҳәеит Зураб Аргәын.

Агазеҭ "Аԥсны" аҟны иҟан арубрика афелитон ахьыркьыԥхьуаз "Ажыцба Кәыц шәаҿамшәан иҿаԥыц", иара аԥхьаҩцәа аднаԥхьалон.

"Ас еиԥш иҟоу иҵару арубрикақәа ауаа анызаԥшугьы ыҟоуп", — рҳәеит ажурналистцәа.

Агазеҭ "Аԥсны" атираж 1000 цыра ыҟоуп, урҭ рахьтә 600 ма 700 араиаонқәеи ақалақьқәеи илырҩаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0