Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хагәышь аинформациатә хархәагақәа рзакәан азы: ишахәҭоу аус амуит

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Хагуш
Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Хагәышь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амассатә информациатә хархәагақәа русура ҳәаақәызҵо атәыла азакәан аус адулара шымҩаԥысуаз, иалагалоу аԥсахрақәа, ажурналистцәа азакәан рхы иахьынӡадырхәо рзы игәаанагара.
Хагәышь аинформациатә хархәагақәа рзакәан азы: ишахәҭоу аус амуит

15 шықәса раԥхьа нанҳәа 6 рзы Аԥсны Жәлар реизара иаднакылеит 60 хәҭаҷ рыла ишьақәгылоу Аԥсны амассатә информациатә хархәагақәа рзы азакәан. Ари аамҭа иалагӡаны азакәан апроект аԥсахракәа алагалан ицәырҵуа иалагаз аинтернет саитқәа рганахьала. Азакәан аус адулаҩцәа дыруаӡәкуп уи аамҭазы депутатс иҟаз Баҭал Хагәышь.

"Уи аамҭазы зҵаара хадас иҳамаз амассатә информациатә хархәагақәа   аус бзианы ируртә аҟаҵара акәын, аҭакԥхықәреи рзинқәеи азакәан аҟны иарбатәын. Апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Страничкини ҳхеилаки аус еицаҳуан. Ирацәаҩны ажурналистцәа алархәны аиԥылара ҳаман. Аамҭа цацыԥхьаӡа  аҽыԥсахрақәа ҟалоит, ицәырҵит аинтернет аҟны еиуеиԥшым аинформациатә хархәагақәа. Иаҳхашҭуа ҳалагеит аҭакԥхықәра, адемократиа ҳҳәан аҳәынҵәеиқәҭәарахь ҳагеит. Убри аҟынтәи азакәан аҟны аҭакԥхықәра алаҳгалеит, аҳәынҭқарратә бызшәа иаҳа аҽарҭбаарц иаҳарбеит 50 процент инацны аԥсышәала иҟазароуп адырраҭарақәа , аинформациа. Уи акьыԥхь аҟны, аелектронтә хархәагақәа рҟны. Иахьа ишахәҭоу аус руӡом азакәан аҟны иарбоу ахәҭаҷқәа", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шщылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0