Гагра акоммуналтә уалқәа аӡбарҭала илырхуеит

Гагра акоммуналтә маҵзурақәа рзы азеиԥш уал иартәоит 30 миллион мааҭ.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гагра ақалақь ахадара акоммуналтә маҵзурақәа рзы аԥара зымшәо рус аӡбарҭа иарҭалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра Анхарҭа-хархәаратә усбарҭа амуниципалтә наплакы адиректор Роман Чагәаа.

"25 шықәса рыҩнуҵҟа акоммуналтә шәарақәа ҟазымҵац ауаа рацәоуп. Иааидкыланы 30 миллион мааҭ рҟынӡа ауал наӡоит. Аӡбарҭахь аус наҳмышьҭкәа алхра залыршахом", - иҳәеит иара.

Гагратәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп 50 материал иҳәеит иара.

"Ес-жәамш 50-70 материал аӡбарҭахь инаҳашьҭлоит", - азгәеиҭеит Чагәаа.

Амуниципалтә нхарҭатә усбарҭа абаланс аҿы иҟоуп ԥшь-нызқь рҟынӡа уада.

"Иахьазы акоммуналтә уалқәа ааидкыланы 30 миллион рҟынӡа инаӡоит", - иҳәоит Чагәаа.

Ақалақь ахадара ауааԥсыра ирыларҳәоит акоммуналтә маҵзурақәа рзы аԥарашәара шахәҭоу, аха зегьы уи иацныҟәоит ҳәа узҳәом иҳәоит Чагәаа.

Акоммуналтә маҵзурақәа ауадақәа рыхәшәареиԥш аӡи агәамсам ақәгареи аҵанакуеит. Зегь иреиҳау ауал иартәоит 110 нызқьмааҭ.