"Аԥсынра аӡәы дыҟам хьаала издызымкылаз ҳашьцәа ауаԥсаа рҟны 11 шықәса раԥхьа иҟалаз арыцҳара ду. Шаҟаҩы ҭахада, ахаҳәцәҟьа аанмыжькәа зегьы ҟәаҟәаны иқәырҵеит. Уаҟа иҟалаз, уи ашьҭахь аҭыԥ змаз ахҭысқәа политика ҳасабала урыхәаԥшуазр, аԥсҭазаара аҽеиҩнашеит. Ақырҭцәа ашьццыламызт ас еиԥш, дара ишырҭахыз акәын ауаԥсааи дареи реибашьра шыҟаз, аҷоуцәа (Аҷаратәи ареспублика ажәлар-аред.) шықәыргаз, шамахамзар ирҭахыз акәын иҟарҵоз. Саакашвили инапала аҩ-республикак азхаҵара роуртә иҟаиҵеит", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Нанҳәа 8 ауха 2008 шықәсазы Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла аҳҭнықалақь алахысра иалагеит ареспублика зегьы анапахьы инанагарц. Мышқәак рыла ауаԥс аруааи Қырҭтәыла мчыла аҭынчра азаагаразы абжьаҟазаратә аоперациа аҳәаа иҭагӡаны атәылахь инеиз аурыс аруааи Аахыҵ Уаԥстәыла иалырцеит Қырҭтәыла аруаа.
Аахыҵ Уаԥстәыла амчрақәа рдыррала ақырҭқәа рқәылараан 1500 ҩык инеиҳаны ауаа ҭахеит, аха Урыстәыла Аусҭҵааратә еилакы шәҟәыла ишьақәнарӷәӷәеит ареспублика ауааԥсыра 162-ҩык ҭахеит ҳәа. Убасгьы нанҳәа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа раан иҭахеит 67-ҩык аурыс аруаа. Ас еиԥш иҟоу адыррақәа аанагоит РИА Новости.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра аветеран ацхыраара иҭоуп
"Хәымштәи аибашьра" иалаӡыз ргәаладыршәон Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражҳәарҭаҿы