Аџьынџьтәылатә еибашьразтәи агранатақәа рбеит Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы

Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазтәи агранатақәа рбеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik. Аԥсны АҶА иԥжәо амаҭәарқәа рԥырхагадатәра аҟәша аусзуҩцәа Очамчыра араион ақыҭақәа Ҷлоуи Тамшьи ирыԥшааит агранатақәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

"Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа Ҷлоу ақыҭан ирбаз 1992-1993шш. рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи аџьаԥҳаны: РПГ–26, РКГ-3 ирбаз ԥыржәеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аџьынџьтәылатә еибашьразтәи агранатақәа рбеит Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы

Уи адагьы Тамшь ақыҭан ирыԥшааит иагьԥыржәеит аграната ПГ-7.

Аџьынџьтәылатә еибашьразтәи агранатақәа рбеит Очамчыра араион ақыҭақәа рҿы

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: