Гал араион аҿы аршьаҟауаа рнырҵәага амина рбеит

© Foto / МЧС Абхазииаршьаҟауаа рнырҵәага мина ПМН-2
аршьаҟауаа рнырҵәага мина ПМН-2 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ақыҭа Ҭаӷьлан иахьаҵанакуа ашьыжь, асааҭ 10:00 рзы аибашьраантәи амина рбеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ҭаӷьлан ақыҭа иқәынхо аҳәаа иахьаԥну аҭыԥ аҿы аршьаҟауаа рнырҵәага мина ПМН-2 ибеит ахаша, ԥхынгәы 3 рзы ҳәа Sputnik иазаанацҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҟынтә.

"Аҭыԥантәи анхаҩы дымҩасны дышнеиуаз амина еиԥшу амаҭәар илаԥш ақәшәеит. Днеины аҳәаахьчаҩцәәа ротриад аҿы иҳәеит иибаз аӡбахә. Аруаа аҭыԥ ҭаркит, Аԥсны АШәМ Аԥсны АҶА рахь адыррақәа ҟарҵеит" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Асааҭ 15:00 рзы Аԥсны АҶА аусзуҩцәа амина еиҵырхит.

"Анагаагара ахьзыҟамлоз азы аҭыԥ аҿы иԥжәан", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Раԥхьаӡа акәны амина зыԥшаауа алақәа Аԥсны аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын>>

2019 шықәса рзы Гал араион аҿы аибашьра аамҭазтәи аминақәа хԥа рбахьеит.

Ари аҩыза аминақәа ҭыжьын СССР 1940-тәи ашықәсқәа раан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0