АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәеи рымчқәа рыла амҽыша, нанҳәа 11 рзы аконтрабанда аԥырҟәҟәаан аҳәааҿ. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аоперативтә информациа инақәыршәаны аидарамҩангага машьына "VOLVO FH" аанкылан. Афура амобилтә гәаҭаратә комплекс амҩаԥгарахь инашьҭын.
"Амашьына аидара ақәмызт, аха аҵәахырҭа маӡа ҟаҵаны иҟан. Иаарԥшын 3000 рҟынӡа ҭаҭын ҭоԥ", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иааидкыланы иаарԥшын 3449 блоки 8 пачкаки асигарет (ма 34498 пачка асигарет, 689 960цыра).
Атауар аекспертизахь инашьҭуп. Ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсныи Урыстәылеи рҳәаахьчаҩцәа Егры аҳәааҿ аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит