АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада, Аҳәынҭқарра аиҳабыра, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу амемориал аҿаԥхьа.
Леон иорден занашьоу Левон Дашьчиан аибашьраан ажәыларатә рота напхгара аиҭон. Дрылахәын марттәи ажәылареи егьырҭ аҵакы змаз аоперациақәа жәпаки.
Аветеран иажәақәа рыла аибашьра иаалырҟьаны иԥсҭазаара еиҭанакит.
"Сара Аԥсны сиит, сааӡеит. Сызхылҵыз зегь реиԥш абџьар шьҭысхит аԥсадгьыл ахьчаразы. Аибашьра сгәалашәара иазынхеит аӷа игыгшәыграла. Аамҭа шцахьоугьы ҳгәалашәара шыҟац иаанхоит", - иҳәеит иара.
Нанҳәа 14 рзы Рауль Ҳаџьымба иара убасгьы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы аихамҩа ахьчара ҿырԥас иҟаҵаны Қырҭтәыла аҳәынҭсовет ар аҳәаа иахысны Аԥсны аҵакырахь иҭалеит. Аибашьра цон 413 уахи-ҽни. Ихыркәшахеит ақырҭуа ар раҵахарала.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла аԥсуа ар ирцәыӡит 1718-ҩык аибашьцәа, 320-ҩык аҭынч уааԥсыра. Хабарда ибжьаӡит 167-ҩык. Урҭ рҟынтәи аибашьра ашьҭахь рхаҭарақәа шьақәыргылоуп 41-ҩык.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҳаџьымба: аибашьра ахамшҭра – аҳәынҭқарра ҵаҵӷәыс иазыҟоуп
Бганба игәалаиршәеит Аԥсны аибашьра раԥхьатәи амш