Ҳаџьымба: аибашьра ахамшҭра – аҳәынҭқарра ҵаҵӷәыс иазыҟоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагара 27 шықәса ахыҵра инамаданы ареспублика ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 27 шықәса аҵра амш азы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аԥсадгьыл ахьчаҩцәа игәаларшәо иҳәеит:

"Аибашьреи, иалаӡыз ҳажәлари, ҳадгьыл аҕа иагрессиа иацәызыхьчаз ҳфырхацәа ргәымшәареи ртәы наунагӡа ҳгәалашәараҿы инхоит, уи ҳҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы акрызҵазкуа ҵаҵҕәны иҟазаауеит. Алахьеиқәра зцу абри амш аҽны ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит ҳ-Аҧсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз. Аҧсны аҵеицәеи зхатәгәаҧхарала иааны иҳадгылаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рфырхаҵара атәы ҳажәлар ирхашҭраны иҟаӡам ахааназы" ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Рауль Ҳаџьымба ҷыдала дигәалаиршәеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба.

"Иахьатәи амш азы ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит иара убас ҳтәыла ахьчаразы аҭакҧхықәра ду иаҵалаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, Адҵаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба. Иуадаҩуп ахә ашьара Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира згаз Аҧсны жәлар напхгара рызҭоз Владислав Арӡынба ироль", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада аԥсуа жәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аманшәалареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0