Арадио

Барцыц: аныда исааӡаз схәыҷқәа ак рыгыжьра сҭахымызт

Хьырбеи Барцыц ҩыџьа иԥацәа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахеит. Аҷкәын аиҳабы Тарас Барцыц иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡыз дырхыԥхьаӡалоуп, иԥсыбаҩ иаб игәараҭаҟны анышә иамадам. Аибашьцәа рҭахара шыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит Хьырбеи Барцыц.
Sputnik
Барцыц: аныда исааӡаз схәыҷқәа ак рыгыжьра сҭахымызт

"Сыҷкәын еиҳабы аибашьра иалагаанӡа арратә уалԥшьа наигӡон Казахсҭан. Ленинакан адгьылҵысра аныҟала Ермантәылаҟа иааргеит. Уа иара ӡӷабк дигәаԥхеит. Аԥсныҟа дааигеит, аԥагьы дырхылҵит. Аибашьра ианалага иҭаацәа Ереванҟа игеит, иара ихаҭа дхынҳәны дааны аибашьра дналагылеит. Сыҷкәынцәа аныда исааӡеит, ак рыгысмыжьырыц саҿын. Марттәи ажәылараан рыҩџьагьы еибашьра иахьцаз аиҳабы дзымгьежьит, иахьа уажәраанӡагьы иԥсыбыҩ сымам. Аиҵбы иакәзар, иуль 2 рзы дыршьит. Сара 80 шықәса сырҭоуп, абри ахьааи сареи ҳаицынхоит, аха исынмырԥшкәа, сеиԥш иҟоу, мамзаргьы исеицәоугьы ргәы касмыжьырц сынхоит, сыччоит", - иҳәеит Барцыц. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: