Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы

© Foto / предоставлено Саидой Жиба Ирина Сичинава
Ирина Сичинава  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" активла иалахәыз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Ирина Иуан-иԥҳа Сыҷынааԥҳа лпатриоттә мҩа атәы дазааҭгылеит лхәыҷаахыс дыздыруаз раԥхьатәи лырҵаҩы, апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ирина Сыҷынааԥҳа аҭаацәара ду аҟны илызҳаит. Лан Алла Џьниаԥҳа ршьапы иқәлыргылеит, аҵара длырҵеит хәҩык ахшара.

Алла Джения - Sputnik Аҧсны
Алла Џьниаԥҳа: аибашьра алагаанӡагьы, ақырҭцәа аҿагылара раҳҭон

"Ирина сара раԥхьаӡа данызба, лан лнапы кны Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1, азыҟаҵаратә гәыԥ ахь данысызналга ауп. Фышықәса зхыҵуаз ахәыҷы убриаҟара лыблақәа ҟәышын, санрыхԥшылоз сцәа сҭаӡыӡаауан, иԥсабаратәым мчык рхыскаауан. Лани сареи уамашәа ибаны еибаҳҳәон, адҵақәа рынагӡараан ҳацхыраара анлыдаҳгалоз, "мап, сара схала" ҳәа шҳаҭалкоз. Илызҳацыԥхьаӡа, лҟазшьеи лхымҩаԥгашьеи ахы злымҟьоз аԥсуа цәа рхалон. Аиҳабыратәи аклассқәа рҿы, дсываҟәыланы, дысҩызаны дызбо салагеит", - аԥҳәызба дылгәалашәоит раԥхьатәи лырҵаҩы Белла Барцыцԥҳа.

Ирина ашкол даналга, арҵаҩы изанаҭ алылхуеит. Имҩаԥылгон афизикеи аматематикеи Бзыԥҭатәи актәии, Пицундатәи актәии, Гагратәи актәии абжьаратә аԥсуа школқәа рҿы.

Усҟантәи аамҭазы, Аԥсны иахаԥаны иҟаз ақырҭуа милаҭ, ҵҟа-ҵҟала ҳажәлар рыхәаҽра иаҿын. Урҭ аҿагылара рызҭоз амилаҭ хақәиҭратә қәԥара активистцәа иреиуаз Борис Кьахьыриԥа, Лева Гыцба, Ҳараз Чамагәуа, Лиуфа Ԥсардиа уҳәа аӡәырҩы Ирина дара дрықәлазшәа, рыгәҭа дгылан.

Зықәра аиаанӡа зыхшыҩ шәыз, зыԥшра зсахьа еинаалаз, ҿыцәаара зқәымз амцабз зхылҵуаз лыблақәа игәаӷьны рхы шьҭыхны ихыԥшыломызт лықәлацәа.

1990 шықәсазтәи аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа раан, аҭыԥҳа гәымшәарыла ҳаӷацәа дырҿагылеит. Лҩызцәа Леила Коӷониаԥҳаи Фатима Қәпалԥҳаи Гагра астадион агәашә илагыланы, ақырҭцәа нарышьҭуамызт. Афырԥҳәызбацәа, зҭаҷкәым раҵәаны ирҿаӷаӷоз ақырҭуа хацәа ирцәымшәакәа, ирықәнагаз аҭак рырҭон.

Ирина аԥсадгьыл ахь абзиабара дшыхәыҷыз илнырхьан. Лан Алла Џьниаԥҳа Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" Гагратәи аҟәша дахәҭакын. Хымԥада лыхшарагьы ҽакала хәыцшьа рымамызт.

Белла Барцыцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

"Ашәҟәазы аизга шырҳәо еиԥш, сара Ирина лыблақәа рзы убас сҳәоит. Шаҟантәи амшын Еиқәа еиԥш иҵаулаз лыблақәа санрыхԥшылоз сҿаԥхьа ицәырҵхьазеи ҳнысымҩа. Иахьа лфотосахьа санахәаԥшуагьы, аҭоурыхтә хаҿы ҳәа дысԥхьаӡоит", - лҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, аӡәгьы џьашьатәыз изыҟамлеит Ирина лашьцәа дрыцны аибашьра дахьцаз. Аинрал Сергеи Дбар икомандаҟаҵарала Гәымсҭатәи аштаб аҟны ашәҟәы иҭалгалон ихәызи иҭахази рсиа, арыцҳара иахьақәшәаз аҭыԥи аҭагылазаашьеи арбауа.

Ԥхынгәы 25, 1993 шықәсазы, Ирина лаҳәшьаԥа хәыҷы, Асԥар Қоӷониа имш иира аҽны идылныҳәаларц азы аҩныҟа дцарц иақәылкит. Аха ари агәҭакы анагӡара лразҟымхеит. Аҩадатәи Ешыра ақыҭан, аштаб азааигәара иԥжәаз арҭҟәацга ахыԥҽыха лықәшәаны, 27 шықәса ирҭагылаз аҭыԥҳа лыԥсҭазаара ҿахҵәоит.

Ирина илзааигәаз, дышҭахаз рхаҿы ирзаагомызт, лыԥсыбаҩ рхаҭа ирбаанӡа. Лара лыҟамзаара аныԥшит аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа.

"Аԥсабаратә ҟәышра, уи адагьы аҵара бзиеи, ааӡареи змаз аҭыԥҳа, аибашьра ашьҭахьтәи ҳашьақәгылараҿы, иара иахьатәи аԥсҭазаараҿгьы ллагала рацәахон. Ирина леиԥш ԥхьаҟа ихәыцуаз ауаа ҳацәмаҷхеит азоуп ҳабжьара аилибымкаарагьы шыҟоу", - инаҵылшьит апоетесса.

Амилаҭ хақәиҭратә қәԥара активистцәа рыбзоурала Гагра ақалақь иргылаз аԥсуа школ аҿы акыр шықәса аус зуз Белла Барцыцԥҳа, 2010 шықәсазы "Икыдымшәаз аеҵәа" захьӡу, Ирина Иуан-иԥҳа Сыҷынааԥҳа илызкны ашәҟәы ҭлыжьит.

"Иԥсуа зегьы рыеҵәахәқәа кыдшәаны иҟалозҭгьы хаха, ажәҩан ахала аҽазымшьуа еҵәада инхон, ҳаӷеиҭа", - ҳәа иалаго, афилософиатә ҵакы змоу раԥхьатәи ацәаҳәақәа рылагьы еилыукаауеит, апоетесса Ирина лҭахара лгәаҟны ахәра ду шыннажьыз, аха аԥҳәызба лахь илзынхаз агәалашәара ҿыцәаара шақәым.

Ажәабжьқәа зегьы
0