Арепатриациа

Еџье Ҭраԥшьԥҳа: раԥхьатәи аԥшаах збеит сабдуцәа ахьҭыҵыз Анхәа ақыҭаҿы

Иахьа, нанҳәа 15 рзы адунеи атәылақәак рҟны иазгәарҭоит Археолог имш. Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ Еџье Ҭраԥшьԥҳа дархеологуп. Лзанааҭ ахьышьҭылхыз зыбзоуроу, лыԥсадгьыл ахь лаара шыҟалаз, ара лнапы злаку уҳәа ртәы ҳадылгалоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсныҟа

Сара Аԥсныҟа сааижьҭеи уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит. Ҭырқәтәыла еизарак аҿы Аԥснынтә академикцәа неины иҟан. Убра ҳаиқәшәеит дареи сареи, ҳагьеибадырит. Дара изласарҳәаз ала, раԥхьатәи археологс иҟаз Михаил Мамед-иԥа Ҭраԥшь иакәын. Саргьы с-Ҭраԥшьԥҳауп ҳәа анраҳа, Аԥсныҟа саарц, археологиа аус снапы аласкырц рҭаххеит, ус еиԥш сабжьыргеит. Саргьы мап сымкӡеит, усгьы исҭахын избарц Аԥсны, снеирц сазхәыцуан есымша. Убас иҟалеит Аԥсныҟа саара.

Еџье Ҭраԥшьԥҳа: Ермитаж амузеи аҿы иҟоуп Аԥснынтәи археологиатә материалқәа

Раԥхьатәи сшьаҿа сыԥсадгьыл аҿы

Раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит агәыԥ сацны ныҟәара ҳәа. Усҟан Афон ҿыц Ҭраԥшьаа рҿы сынхон жәамш. Анаҩс Ҭырқәтәылаҟа сгьежьит, исгәалашәоит цәыббрамзазы уажәшьҭа нхараҵәҟьа ҳәа сгәы иҭакны сааит схала сыԥсадгьыл ахь.

Анхарҭа ҭыԥ

Аԥсныҟа санаа раԥхьа Инна Ҳаџьымԥҳа лҿы ҩышықәса сынхон. Нас абызшәагьы убра исҵеит ибзианы. Аԥсныҟа санаауаз даараӡа имаҷны издыруан аԥсуа бызшәа, сызцәажәаӡомызт. Аԥсуа бызшәа аҵаразы Нонна Ҭхәазԥҳа лахь сцеит, уаҟа аурокқәа сырхысуан. Абас исҵеит аԥсуа бызшәа.

Азанааҭ

Сара Ҭырқәтәыла Анкаратәи иреиҳау аҵараиурҭаҟны салгеит археологиа иазку афакультет. Ҭырқәтәыла сзаанаҭ ала аԥышәара сыман, аха аусура саламгаӡацызт. Уажәы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәшаҿы аус зуеит аҭҵаарадырратә усзуҩ лаҳасаб ала, иара убас С.Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи амузеи аҟны сзанааҭ аганахьала специалистс сыҟоуп.

Абшьҭра аҭоурых

Сара излаздыруа ала, хәҩык сабшьҭра иатәыз Ҭырқәтәылаҟа ицеит, сабду иаб иашьцәеи иареи, аӡәы Аԥсны даанхеит. Ҳабдуцәа Анхәа ақыҭа иҭыҵит. Ҭраԥшьаа Ҭырқәтәыла ирацәаӡам. Ҳара ҳқыҭа Ҭырқәтәылатәи ақалақь Синоп иавоуп. Ҭраԥшьаа реиҳарак Диузџье инхоит, Адаԥазаргьы иҟоуп, аха еиҳа имаҷуп. Аԥсны инхо Ҭраԥшьаа еиҳа ирацәаҩуп.

Аҳ ибааш, агәараанда жәытә: Аԥсуа Баагәара ду аҭҵаара иацҵоуп

Саб иан Смырԥҳан, Наадие лыхьӡын, сара сылхаанӡам. Сан Ҷокәуаԥҳауп, Леман лыхьӡуп, уи лан Асамааԥҳан, Сарбез лыхьӡын, уи сылхаануп, есымша аԥсышәала дцәажәон. Санду Ҭырқәтәыла диит, аха ландуи лани рҟынтә Аԥсназы ирҳәақәоз ажәабжьқәа рацәаны илдыруан, ҳарҭгьы иаҳзеиҭалҳәақәоз ыҟан.

Аԥсны аӡбахә

Аԥсны даараӡа иԥшӡоуп, уаҟа аԥсуаа нхоит лҳәалон санду еснагь. Уатәи аԥсабара даҽакы иалаҩашьом, аиаҵәара рацәоуп, ҳашьцәа Аԥсны инхоит, уа иҟоуп ҳәа хьаас илыман, гәыҵхак шлымаз аҟара удыруан, лгәы ԥшаауан, Аԥсны иадҳәалаз ахьаагара лнубаалон санду.

Аусура алкаа

Сара сзаанаҭ аганахьала аетапқәа, аамҭақәа, хаз-хазы иҳамоуп. Сара сзаанаҭ аклассикатә аамҭа иадҳәалоуп, антикатәи аамҭа, абырзен аамҭа, римтәи аамҭа. Раԥхьа санаа аекспедициақәа рахь сцеит археологк лаҳасаб ала. Аҟәа ақалақь аус зуан, нас Оҭҳара сыҟан, еиҳабыс дҳаман Игор Ҵнариа. Нас, сара Анхәа ақыҭаҿы, сҭоурыхтә дгьыл аҿы, аекспедициа салагеит, уи хышықәса саҿын. Анхәа ааигәа-сигәа 500 шықәса раԥхьатәи анышәынҭрақәа ҳаԥшааит, уи антикатәи аамҭа иадҳәалоуп. Убас еиԥш ирацәаны аматериалқәа ҳаԥшаауеит. Уажәы аекспедициа ҩыџьара ицоит. Аха маҷк аҭагылазаашьа уадаҩуп, археологиа аекономика аганахьала ацхыраара аҭахуп. Аха излаҳалшо ала аус ҳуеит.

Ҵнариа археолог Михаил Ҭраԥшь изкны: зҭоурых азы иҳаҵҳаҵоз иакәын>>

Раԥхьатәи аԥшаалых

Уи Анхәа ақыҭа аекспедициаҿы исыԥшааз ыҟоуп, даара ибеиан археологиа аганахьала. Избанзар уаҟа исыԥшааит анышәынҭрақәа, аԥсыбаҩқәа зегьы рҭыԥ аҿы иҟан, амаҟа, аҟама, аҳәызба, афибулақәа ҳәа зегьы ацын, иара убас иҟан аҳаԥшьалых хәыҷы. Убарҭқәа сыԥшааит, даара аҵакы рымоуп, избанзар ас еиԥш зегьы еидкыланы еснагь ҳрықәшәаӡом.

Аҵара аизырҳара

Ҭырқәтәыла сыҟан уажәы шықәсык. Уаҟа исыхьчеит амагистратура. Убри аганахьала атема ацҵаразы Аԥсны иҟоу амфорақәа ҭысҵаауеит, антикатәи аамҭа иазкны. Аҭыԥантәи амфорақәа ҳамоуп колхидатәи аамҭа иадҳәалоу, убарҭ рыҭҵаара снапы аркуп. Ҭырқәтәыла Аԥсны аҭоурых инарҵауланы ирыздырӡом. Убри ҳәыҷы-хәыҷла ҳалагар, археологцәа еибабар наҟ-ааҟ, аҭоурых еиҳа ибзианы ицәырҵуеит. Гази ауниверситет аҿы амагистратура сҭан, уажәы адокторрахь сцарц сгәы иҭоуп.

Гази саныҟаз, ҳарҭгьы алекциақәа ҳрыԥхьон Аԥсны иазкны, Кавказ иазкны атемақәа згеит сара, избанзар ицқьаны адырра рымаӡам, иахьыҟоугьы цқьа ирыздырӡом, дара рзы уи даара аҵакы амоуп, интерессгьы ирымоуп, ирбарц, ирҵарц рҭахуп.

Арепатриациа

Сара Аԥсны сынхоит ҳәа сааит, ус хықәкыс исыман, иагьынасыгӡеит. Иҟоуп шьоукы, Аԥсны ҳаԥсадгьыл ауп, убра ҳанхоит ҳәа иаауеит, аусурҭақәа рыԥшаауеит, абызшәа рҵоит, аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭоит, ажәакала инхоит-инҵуеит. Аха, иҟоуп шьоукы ак соундаз ҳәа иаақәо, уи ҳаргьы иаҳгәаԥхаӡом хымԥада. Аԥсны аҭагылазаашьа ус еиԥш ибеианы иҟаӡам, аҟаҵатәқәа рацәаны иҟоуп. Ҳәыҷы-хәыҷла ҳарҭ зегьы ак ҟаҳҵароуп, хаицхыраароуп.

Ахеидкыла

Аҵарауаа Аԥсны ашьхареи агеи ирықәынхоз ауаа рыԥсҭазаара еиҿдырԥшуеит

Сара сахьынхо Анкара иҟоуп кавказааи аԥсуааи рхеидкылақәа. Кавказтәи ахеидкыла аԥҵоижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, ибзиангьы аус ауеит. Уахь инеиуеит Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа, абызшәа рҵоит, акультура иазкны апрограммақәа мҩаԥыргоит, асимпозиумқәа еиҿыркаауеит, ауснагӡатәқәа иҟарҵо маҷым. Ҳазегьы иҳалшо ҟаҳҵароуп ҳаидгыланы.

Аҩызцәа рацәаҩны исымоуп Ҭырқәтәылагьы, Аԥсынрагьы. Иара убас Аԥсны исымоуп ауацәа, сҭаацәа анаауагьы еснагь еибабоит. Уажәшьҭа ара ҳашьцылеит, Аҟәа ақалақь аҿы ҳанхоит, аҳәынҭқарра иаҳнаҭаз ауадаҿы, ҭабуп ҳәагьы раҳҳәоит.

Абызшәа

Абызшәа иацу апроблема ыҟоуп ҳәарада. Ҭырқәтәыла даара иуадаҩуп аԥсуа бызшәа арҵара. Избан акәзар, аԥсышәала аҩра, аԥхьара уа ирыздырӡомызт, ашкол ыҟаӡамызт. Аԥсны абызшәа аганахьала аҭагылазаашьа бзиа ҳамоуп, ашколқәа ыҟоуп, арҵаҩцәа ҳамоуп, иҵегьы аус адулатәуп иӷәӷәаны. Сара сҭаацәа аԥсышәала ицәажәоит. Ҭырқәтәыла ақыҭақәа рҿгьы ицәгьамкәа ицәажәоит, аха ақалақьқәа рҿы зынӡа имаҷуп.

Аркади Џьопуа: археолог изанааҭ шьҭызхуа аҿар даара имаҷуп>>

Аԥеиԥш

Аԥсны аԥеиԥш бзиахарц азы еснагь уи шыҟалаша уазхәыцроуп. Аимадара, аибабара рацәахарц ҳҭахуп. Уаанӡа еиҳа ирацәаны апроектқәа ыҟан, саргьы убас еиԥш ауп сшааз Аԥсныҟа. Ара ҳахьааиз ҳаибадырит ҳашьцәеи ҳареи, арантәгьы Ҭырқәтәылаҟа иҳазнеит ахәыҷқәа. Убри аҩыза апроектқәа рацәаны иҟаҳҵар, аибабарагьы рацәахоит, аимадарагьы хымԥада иӷәӷәахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: