Аҵарауаа Аԥсны ашьхареи агеи ирықәынхоз ауаа рыԥсҭазаара еиҿдырԥшуеит

Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсныи рархеологцәа Очамчыра араион аҿы адәынтәи ажрақәа ирылагеит, ажәытә бырзен қалақьқәа иахьрыҵаркуаз аҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа ашьхаратә ҭыԥқәа рҿы инхоз ауааи амшынԥшаҳәа иаԥныз ауааи рыԥсҭазааратә культура ахьынӡеиԥшымыз аилкаара ҳхықәкы хадоуп ҳәа иҳәеит Тҟәарчалтәи археологиатә експедициа аҭҵаарадырратә напхгаҩы Александр Скаков

Аԥсны абри ахәҭаҿы аҵыхәтәантәи археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥган 35 шықәса раԥхьа.

Раскопки. - Sputnik Аҧсны
Археологцәа Џьанҭоутәи ажырҭақәа рыҭҵаара иацырҵоит

"Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара уадаҩын. Уи адагьы Аԥсны ирацәоуп археологиатә баҟақәа. Урҭ зегьы урызхом. 13 шықәса инарзынаԥшуа Тҟәарчал, Џьанҭыхә археологиатә баҟақәа ҭаҳҵаауеит. Аинтерес ду зҵо аматериал рацәа еизаагеит", - иҳәоит Скаков.

Аԥсны абри аган иахьаҵанакуеи ашьхаратә ҭыԥқәеи ркультуратә еимадара адинамика ҭуҵаара алшоит. Очамчыра, анкьа ажәытә қалақь Тиуенос ахьыҟаз, уажәы арратә баӷәазахь уназго амҩалагамҭаҿы иҟоу ахәы ҭырҵаараны иҟоуп аҵарауаа.

Аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа раан ара ирыԥшааит антикатә керамика, анеоттә культуратә комплексқәа.

"Иаабараны иҟоу ҳаздырам аха шықәсык иназынаԥшуа аусурақәа мҩаԥгахоит. Ҳгәыӷрақәа лҵшәадахарым ҳәа ҳаҟоуп", - иҳәоит Скаков.

Урыстәылеи Аԥсныи рархеологцәа Очамчыра араион аҿы адәнатә усурақәа ирылагеит, ажәытә бырзен қалақьқәа иахьрыҵаркуаз аҭыԥқәа рҿы.

Аиҳарак аԥаразоужьра ҟанаҵоит афундаменталтә ҭҵаарақәа урыстәылатәи Рфонд, ацхыраара руеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии Аԥсны аҭҵаарадырратә институти. Археологиатә ԥшаахқәа рреставрациа аԥара ахнашәаауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0