Аахыҵ Уаԥстәылатәи анаԥшыҩцәа Аԥсны ахада иалхра иалахәхоит

Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа наԥшыҩцәак рыҳасаб ала нанҳәа 25 рзы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа ирылахәхоит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы Пиотр Гассиевы зхадараҿы дыҟоу аделегациа анаԥшыҩцәа рыҳасабла нанҳәа 25 рзы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа ирылахәхоит, абри атәы аанацҳауеит ареспублика азакәанԥҵаратә усбарҭа асаит.

"Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп. Иазгәаҭатәуп уа аполитикатә ҭагылазаашьа ауадаҩрақәа шацу. Ҳара, аиашьаратә республика аҳасабала аганахь ҳгылом. Ҳхы ԥхьаҳкуам. Ааԥхьара ҳадаҳкылеит наԥшыҩцәак рыҳасаб ала алхрақәа ҳрылахәхарц азы", - иҳәоит Гассиев.

Апарламентари агәра ганы дыҟоуп алхрақәа адемократиатә ҟазшьа рыманы ишымҩаԥысуазы.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25 2019 шықәса рзы. Раԥхьаӡа акәны сынтәа акандидатцәа рхыԥхьаӡара 10-ҩык ыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: