Алхрақәа рысакьаҳәымҭаз аоператә шәахәақәа…

Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр асценаҿы апроект GRAND OPERA GALA аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәыргылан акомпозитор Джакомо Пуччини иопера "Богема". Апремиера илнаҭаз ацәаныррақәеи, ахәыцрақәеи ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Алхрақәа рысакьаҳәымҭаз аоператә шәахәақәа…

Иахьа ҩыџьа ааидгылар, иалаҳхуада, иаиааиуада ҳәа ианеизҵаауа, ҳаԥсҭазаараҿы алирика ихараӡоу аҭыԥ шааннакыло убоит. Амчрахь анеира згәаҳәароу аполитикцәа акультура аԥхьагылара уеизгьы-уеизгьы иазларымҭо ала, ахала ахы ҭнагалароуп, иуадаҩу асоциалтә ԥсҭазаара иалхәраан ицаларац азы.

Абырҵкал "икылхыз" арт-фоие

Аԥсҭазаараҿы ишаҳбо еиԥш, акультура еснагь ауадаҩрақәа ахҭнагоит, аха аԥсы ҭоуп, уи зыԥсҭазаароу ауаа иаадырԥшуа агәазыҳәарақәа ирыбзоураны, ииашоуп амчра амаа зкугьы, дара изларылшо ала иаҵгәоушәа иаҿуп. Абри зегь зхысҳәаауа, акультура злымсуа ауаҩы, акыр дхьысҳаны дҟалоит доуҳала, малла дхәыдамзаргьы. Ҳара ҳтеатрқәа ирҭаац роуп ирҭаауа, уи умбарц залшом ирлас-ырлас аспектакльқәа рыхәаԥшра атеатртә ханқәа урыҩналозар.

Ҳдунеи амаа зку аполитикцәа ракәзар, шамаха уаҟа рхабар убом, ус акәын ишыҟаз, нанҳәа 15 руха РУСДРАМ имҩаԥысуаз Пуччини иопера "Богема" апремиераҿгьы. Атеатр азал ҭәын кәапеишәа, еснагь еиԥш уи иаҿыгәҳәаауа ауаа рыла.

Аԥсны иалҵыз аоператә шәаҳәаҩцәа уажәшьҭа имаҷҩым, иаҳҳәар ауеит уи ахырхарҭа аизҳара иаҿуп ҳәа, ус акәзаргьы, аоператә спектакльқәа рыла ҳара ҳмаџьаноуп, уимоу шамаха иуԥымло цәырҵроуп, аоператә шәаҳәаҩцәа аамҭа-аамҭала рсолотә концертқәа шымҩаԥыргогьы. Амузыкатә проект Grand Opepa Gala иҳаднагалеит зынагӡара мариам амузыкатә қәыргыламҭа Джакомо Пуччини иопера "Богема". Аопера "Богема" ҩуп Анри Миурже "Богема ахаҭарнакцәа рысцена" захьӡу ирҿиамҭа иалхны.

Акыр иқәыԥшӡоу, аха аҟазареиԥш аиҿкааратә усқәа ирзыманшәалоу ашәаҳәаҩ, Венатәи аконсерваториаҿы аҵара зҵо Саид Гобечиа Пуччини иопера афырхацәа реиԥш, богематә ҟазшьала иҩызцәа ицырхырааны иҟаимаҭу аоператә қәыргыламҭа ҳадигалеит.

Атеатри сыԥсҭазаареи

Ишдыру еиԥш, ҳара ҳтеатрқәа зынӡагьы иманшәалам аоператә хырхарҭақәа рынагӡаразы, аха апроект автор уи иазиԥшааит аформа. РУСДРАМ асценаҿ аоркестр аҭыԥ азылхым аҟынтә, ҳшашьцылахьоу акәымкәа, ахәмарра авансценахь ииаганы, наҟ агәахьы иаакәыршан итәан апроект адгылара азҭаз Урыстәылатәи афедерациа иатәу Москватәи асимфониатә амилаҭтә гвардиа аоркестр шьахә (арежиссиор хада Владимир Васиак, ақәыргылаҩ Мариа Тихонова).

Нанҳәа мза 15 руха РУСДРАМ иҩныҩуан адунеи аҿы ирлас-ырлас иқәдыргыло Пуччини ибогематә фырхацәа рыԥсҭазаара. Аиашазы аибахеибафара иаркараз ҳзыҳәан, "Богема" доусы иқәыԥшра аамҭазтәи аҭахрақәеи, алирикатә мотивқәеи рахь дхьанарԥшуеит. Сызхәаԥшуаз аопера акыр иарԥсасит скарахара.

Ҷыдала аоператә ҟазара сызласпециалистым ала, ҳәарада исзымариам хәҭа-хәҭала амузыкатә лексика ахархәарала аспектакль аилыргара, уи хықәкысгьы исымам. Сара схәаԥшҩуп, асценаҿы избар сҭахуп абырҵкал икылху, агьама змоу, абжьы бзиа зцу арҿиамҭа. Сызхәаԥшыз "Богема" сымҩашьо иснарбеит, амаҷ ухы алагӡаны, аоператә ҟазара ҳтәылаҿы иурҿиар шауа. Асцена ҭшәазаргьы, декорациала ихарҭәаамзаргьы, атеатр авансценеи, егьырҭ аганқәа рҿы иамоу акылҳарақәеи рхархәарала, арольқәа назыгӡоз Нана Черкезиеи (Мими), Александр Мурашови (Рудольф), Альдона Ҵкәуаԥҳаи (Миузетта), Саид Гобечиеи (Марсель), Алхас Ферзбеи (Колен), Кирилл Панфилови (Шонар), Алексеи Толстокоровыи (Альциндор) рыхәмарра уатәнатәуан. Париж латынтәи аҳаблаҿы 1830 –тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа, иахьатәи ақәыԥшцәа рбогема ҟазшьа иашьашәаланы иаадырԥшуан зыӡбахә сымоу аҟазацәа.

Адунеи макьана аӡәгьы изанымхыз, арҿиартә гәаҳәареи, абзиабареи бжьы хаала ихырҷан аспектакль аҿы. Ари аопера ақәыргыларазы аамҭа шырацәамызгьы, апроект аиҿкааҩ Саид Гобечиа асценаҿгьы, уи анҭыҵгьы иҟазареи, иуаҩытәҩысатә мчхареи шыӷәӷәаз ааирԥшит.

Атеатри ахымҩаԥгашьеи

Исҳәарц сылшоит ари иреиӷьу ҳамҭоуп ҳәа ҳара ҳзы, аполитикатә еибахеибафара аншыкьуа аамҭазы.

Даҽа аамҭак еиԥшымкәа ахәаԥшҩы даҿыгәҳәааны идикылон зхы зымакәачроу, зхатә ҟазаратә мҩа ылызхуа, аха ԥарала ихьысҳау аҿар алаӷәраҿы еиқәшәаны арҿиара рахьҽазыршәо иазку асиужет. Асиужет сиужетхомызт, абзиабаратә мотивқәа ирылыхәдаазҭгьы.

Апоет Рудольфи (А. Мурашов) аҭыԥҳа ԥшӡа Мими (Н. Черкезиа) рыбзиабаратә еиԥылара ҿион аемоциақәа ҳәа изышьҭоу зцу ихырку аоператә бызшәала.

Аиашазы, егьырҭ актиорцәа рықәгыларақәагьы еиҿыбааны урызхәыцуазар, акыр иуадаҩуп аилкаара, аамҭа кьаҿк иалагӡаны, ҩ-қәгыларак змоу аоператә рҿиамҭа анагӡара зларылшаз уи иалахәу? Ашәаҳәаҩ, аҽырбаҩ Миузетта лхаҿрала ицәырҵуаз Альдона Ҵкуаԥҳа лакәзар, угәы еиҟараны инлыжьуамызт, убас илахҿыхын, убас пластикала исахьаркны иӡбын лхаҿра. Иӷару асахьаҭыхҩы қәыԥш ироль назыгӡоз Гобечиа иакәзар, ахы инаркны аҵыхәанӡа инеигӡоз ароль аҿы машәыршәа акәзаргьы ааҭгыларак имамызт.

Саид Гобечиа иҟазара ахы инаркны сызлацклаԥшуа ала, уи акыр ишизҳаз гәасымҭарц алшомызт. Аспектакль иалахәыз ашәаҳәаҩ, афилософ ироль ихәмаруаз Алхас Ферзба, абас ахкы ала аспектакль акыр иҭигон, актиортә ҟазараҿгьы дышхәыдам убон. Хаҭала рыӡбахә мҳәакәа сызраҩсуам, Саид Гобечиа ари апроект иадиԥхьалаз аурыс шәаҳәаҩцәа Панфилови, Толстокорови, Мурашови иҭышәынтәалоу рҟазара сшыхнахыз. Урҭ рцәырҵра иунарбоит амузыкатә гьама бзиа зыԥсабара иалоу шракәу. Атеатр аҩнуҵҟа уи ауха иҩныҩуан набыцрак зламыз аоркестр шьахәи, зхы иақәиҭу аҟазацәа ҿарацәа идырҿиоз аԥсҭазаареи.

Акыр еиҿыбааны имҩаԥган апроект, амузыка абжьи, ауаҩытәҩыса уи ианрааланы иҳадигало ашәаҳәареи ԥсык еицырхан сҳәар ауеит.

Сара атеатрқәа зегь сызларҭаауа ала, исҳәарц сылшоит ари ауха избаз ахәаԥшҩы инапениҟьабжьқәа даҽазны сшырнымиацыз. Ахәаԥшҩы акыр ихы дақәиҭуп, уи иааиԥымырҟьаӡакәа инапы ззеиниҟьо арҿиартә гәахәара ду изҭо заҵәык ауп. "Браво", "браво", иҩныҩуан атеатр, актиорцәа акырынтә ихырхәаны асцена анаанрыжь ашьҭахьгьы.

"Браво" сҳәоит иахьагьы сгәы сахьҭахәыцуа, сызхәаԥшыз иснаҭаз аԥхарра сатәнатәны сыҟоуп азы.