Атеатри сыԥсҭазаареи

© Фото : С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр актрисацәа. Афото: Еҭери Коӷониаԥҳа лҭаацәа рархив аҟнытә. Аԥсуа драматә театр актрисацәа.
Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 27 адунеижәларбжьаратәи атеатр амш ҳәа иԥхьаӡоуп. Ари аныҳәа аҽны Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит атеатр актиорцәа дуқәа, изеиԥшраз усҟантәи арҿиаратә ҭагылазаашьа.

Схы здыруанаҵы атеатри сареи ҳаицушәоуп сгәалашәарақәа ишырҳәо. Атеатр абзиабара знык изыцрасыз, уи иԥсы ҭанаҵы ицзаауеит. Изхысҳәаауа, исҭахы исҭахым, атеатр сыԥсҭазаара иалалеит сшыхәыҷыз.

Аԥарда - Sputnik Аҧсны
Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа

Иҳаҩсыз ашәышықәса аҩбатәи азыбжа ианасакьаҳәымҭаз сара ашкол сҭан жәларык апоетцәеи, артистцәеи уҳәа злиааз Кәтол ақыҭан. Иахьатәи аҿар ари заҳауа лакәҵас ирыдыркыларгьы, ҳара ҳқыҭа усҟан иаман ашәҟәыԥхьарҭа, акино ахәаԥшырҭа, аклуб уҳәа, қалақьк аҿы ҳаҟазшәа акәын ҳшеибыҭаз. Усҟан ҳқыҭаҿы еиҿкаан ахор, акәашара, ашәаҳәара уҳәа, акультуратә ԥсҭазаара шьахәла имҩасуан, избанзар иҟан акультуратә иделогиа. Абарҭақәа инарываргыланы, Кәтол атеатр лассы-лассы изҭаауаз қыҭан. Ҳара ҳахь имҩахыҵуан аԥсуа театр аспектакльқәа аманы, уи адагьы, аамҭа –аамҭала иаҳзаауан Сергеи Сақаниа иеиԥш иҟаз актиорцәа дуқәа асахьаркыратә ԥхьара иадҳәалаз ркомпозициақәа рыманы.

Елеонора Коӷониаԥҳа
Атеатри сыԥсҭазаареи - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳа

Аԥсны Жәлар рартист Сақаниа иаара ҷыдала ҳазыԥшын, уи иҳадигалон лафла ихырҷаз адраматург Шоҭа Ҷкадуа исатиратә ҩымҭақәа. Ҳаклуб кәапеишәа иҭәын ари аҟаза данықәгылоз.Иахьеиԥш исгәалашәоит уи "Ахаԥыц хьаа" захьӡыз Ҷкадуа иажәабжь данаԥхьоз. Атекст аҩаӡара адагьы, актиор шьахәла исахьа ҭихуан, аиаша аҳәара зҭахыз, аха иззымгәаӷьуаз ауаҩы. Ақәгылара анхыркәшахалак ашьҭахь, амашьынақәа раангыларҭаҿы ҳгыланы ҳихәаԥшуан Сергеи Сақаниа иара дызгоз автобус ҳабла иамбо инаскьаанӡа.

Ашәхымс ихрыжьыз, аҩнаргәы даҳәон

Ажәакала, аҵареи, акультуратә ԥсҭазаареи акыр еиҿыбааны еибыҭан усҟан.

Исгәалшәоит Аԥсуа театр аауеит ҳәа ҳҽеибыҭаны хәылбыҽхала ақыҭа агәаны игылаз ҳаклуб ахь ҳанцоз. Артистцәа аазгоз амашьына иааҭыҵуан ԥшреи сахьалеи мацара узыршанхоз актрисацәа, ахацәагьы урҭ ирыҵахомызт аха. Еиҳаракгьы аҳәса рансамбль аԥшӡара ду ззырҳәо иамаркуан.

Сшыхәыҷызгьы, сара урҭ актиорцәа рӷьырак хаҭала издыруан, избанзар уа аус руан Леуарса Касланӡиа, Минадора Зыхәԥҳа, Еҭери Коӷониаԥҳа, саҳәшьа гәакьа Ира уҳәа, Кәтол иалҵыз аҟазацәа.

Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа театр аҳкәажәцәа иреиуаз

Убарҭқәа рыдагьы, саб иҩны Кәтол инеиуаз асасцәа ирлас-ырлас изламҩахыргоз ала, исҳәарц сылшоит усҟан атеар аҿы аус зуаз рӷьырак ааигәаны избахьан ҳәа. Минадора Зыхәԥҳаи Еҭери Коӷониаԥҳаи ани ԥҳаи ракәын, ҳазлеиуацәаз ала, аангылара ҳәа ҳара ҳахь инеиуан.

Схаҿы инхеит патретҵас ҩыџьа аҳкәажәцәа рсахьа. Руаӡәы лхы шлаӷәаӷәаӡа, дауцәамкәа, дкьаҿцәамкәа аԥшӡара иакны иагоз лхылҿсахьа мрашәа иаауҿаԥхон. Сызҿу Минадора лоуп. Лара Коӷониаа дырҭацан, сандуи лареи акыр еизааигәан. Минадора илхаз абжьы хаа, даҽаӡәы ихангьы исмаҳац. Дцәажәон аҳкәажә хрыжь-хрыжь, ажәытә хҭысқәа лгәаларшәо.

Игьежьыз алабаҟәуа

Еҭери лакәзар, ԥшрала европатәи астиль еиҳа дазааигәан, лҽеилаҳәашьагьы еиҳа ихыркын. Иабантәаалгоишь илшәу аасгәахәуан сара, уи лцәамаҭәа ԥштәы хкыла еилаԥсаз ацәҩычақәа ишрылху ангәасҭалак. Еҭери илхалҵон акакаҷқәа зыхьнырҳалаз акасқәа, лҵыкқәа илшәылҵоз зегьы шамаха аԥхьа аартын, Анцәа илиҭаз аԥшӡара инашьашәаланы лыԥхәысра ааҵнашьуа. Сгәанала, Еҭери агьама змаз актрисан, лцәамаҭәагьы хә-дук ахҭнылымҵозаргьы ҟаларын, аха еиҿкааны аӡахышьеи, аԥштәқәа ралхшьеи бзианы илныруазар акәхарын.

Ажәакала, абарҭқәа санрызхьаауа, иахьатәи ҳтеатртә ҳкультура саназхәыцуа, маҷк ҳасахазшәа сгәы иабоит. Ҳасахеит уаҩышәалагьы, гьамалагьы, ҵаралагьы, ԥшра-сахьалагьы-ҳазҭагылоу аамҭазы аԥараҳареи, амаҭәа аахәареи, адипломқәа рхыԥхьаӡареи рацәазаргьы.

Саныҩеидас, сеилаҳауа салагеит саҳәшьа Ира леиԥш атеартә институт аҭалара. Ашкол аҿы сара стәала аспектакльқәа ықәсыргылон сҩызцәа сыцрхырааны, иара убас, саауан Аҟәа аспектакльқәа рыхәаԥшра, атеатр иадҳәалоу ажәабжьқәа реилкаара.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАхра Аџьынџьал, Ҭенгиз Чагәаа, Елеонора Коӷониаԥҳа. Кәтол, 1978 шықәса.
Атеатри сыԥсҭазаареи - Sputnik Аҧсны
Ахра Аџьынџьал, Ҭенгиз Чагәаа, Елеонора Коӷониаԥҳа. Кәтол, 1978 шықәса.

Иахьеиԥш исгәалашәоит Аԥсуа театр аҳкәажәцәа атеар аԥхьа рыԥшандагақәа кны игылаз арымӡкәа ианрықәтәаз. Инеибеиԥшны удыршанхон, убас еиҿкаан рцәажәашьеи, ртәашьа-ргылашьеи рыла.

Иахьа атеатр аԥхьа митинг ҟаҵарҭахазар, усҟан иԥшахьарсуаз ауаа урҭ атеатр акорифеицәа ирыхәаԥшырц игылаз арымӡқәа рааигәара имҩасуан иааигәаны ирбарц азы. 1981 шықәса алаҳәара ҟаҵан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" адаҟьаҿы Қарҭтәи атеатртә институт ахь аԥсуа гәыԥ шырышьҭуа, аҭалара зҭахыу уи иадҵааларц. Усҟан шықәсык ҵуан ашкол салгеижьҭеи, издыруада лшарак ҟалар ҳәа аҩны сҽазыҟасҵон атеатртә институт аҭала.

Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны
Атеатри аменеџьменти

Сызлацәажәо аамҭазы жәа-шықәса рахь знык акәын лимитла аԥсуаа атеатртә институ ахь ирышьҭыртә алшара анрыҟаз. Убас разҟыс исыман, убри аамҭа сара сақәшәеит. Ари анызба, ахьышәҭҳәа Аҟәаҟа сааит саҳәшьа лахь.

Аиашазы, алаҳәара ларгьы илымбацызт, убри аҟынтә усҟан режиссиор хадас атеатр иамаз Дмитри Кәартаа иахь слышьҭит. Цәгьа ибзианы сидикылеит. Икабинет аҿы снеиган К. Станиславски ишәҟәы ҳамҭас исиҭеит, сгәеиҭарц азы жәеинраалакгьы саирԥхьеит. Дук мырҵыкәа иааит Қарҭынтәи ҳгәазҭоз акомиссиа. 40-ҩык рҟынза аҿар рыҽԥыршәон, убарҭ рахьтә иаднакылоз жәҩык ракәын. Аҟазаратә иститут аҭалараан иахәаԥшуамызт уаҳәшьа дазусҭоу, уаб дазусҭоу, убри аҟынтә акомиссиа рылаҿы уааир акәын. Атеатр аҩныҵҟа имҩаԥган атурқәа, убарҭ рышьҭахь акәын Қарҭ аԥышәарақәа рахь ҳанырышьҭуаз. Абри аамҭазы, акомиссиа иацыз Моника Каҷараа захьӡыз машәыршәа данаасықәшәа исалҳәеит "ҳара бара баҳгәаԥхеит" ҳәа. Уи сгәы арӷәӷәеит, аха издыруан анаҩстәи аетап шымариамыз.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаВерико Анџьапариӡе лыҩны. 1983 шықәсазы, Қарҭ.
Атеатри сыԥсҭазаареи - Sputnik Аҧсны
Верико Анџьапариӡе лыҩны. 1983 шықәсазы, Қарҭ.

Ара сахысын Қарҭ саннеи, изабахьаз ракәымкәа даҽа џьоук ракәын акомиссиа иалатәаз. Сҽааидыскылан, ашәаӡызара насхысцан, даҽа шанск шсымам сгәы иааҭакны, аԥышәарақәа зегьы сырхысит. Август мза 1981 шықәсазҟы змаз шықәсын сара сзы.

Аҵара ахьаҳҵоз арҵаҩ бзиацәа ҳаман, еиҳаркгьы режиссиорс иҳамаз Анзор Қәуҭаҭелаӡе, уи ицхырааҩ Анатоли Лобов, лара аинститут аректор Еҭери Гәыгәушвили, Анна Ҵнариаԥҳа уҳәа, атеатр иаҵоу акәамаҵамақәа зҵаҳҿааша рацәаҩын. Сыстудент ԥсҭазаарагьы, зегь иреиӷьу аамҭаны иалсыкаауеит снысымҩа саназхәыцуа.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
Атеатри сыԥсҭазаареи - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.

1985 шықәсазы ҳара ҳабиԥара Қарҭ атеатртә институт иалганы иааит. Ҳара ҳрыхьӡеит Азиз Агрба, Шәарах Ԥачалиа уҳәа, атеатр ҵәатәышьаҟас иамаз ауаа. Актиор қәыԥш изы имариамызт ас ахатәрақәа аус ахьыруаз атеатр аҽалахалара. Абраҟа иалкааны иӡбахә сҳәарц сҭахуп Азиз Агрба, избанзар, иара аҿар ҳганахь ҽырхықәымҵа ҟамҵакәа, ҳара дҳақәлазшәа ихы мҩаԥигон, алаф бзиагьы иҳәон.

Зрители - Sputnik Аҧсны
Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

Хымԥада, Аԥсуа театр зынӡа ианасакьаҳәымҭаз сара сахьымӡеит, сыла иамабаӡеит "Отелло", "Аҳәынҭқар ҟьантаз" реиԥш иҟаз аспектакльқәа, аха ус акәзаргьы, сахьӡеит дара аҟазацәа рыла аҭаԥшра. Сызҿу аамҭа Аԥсны амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иасакьаҳәымҭахеит, СССР аилаҳарагьы рацәак агмызт, убри аҟынтә атеатртә ԥсҭазаарагьы уи аныԥшуан, атеатр аҩныҵҟагьы иахьеиԥш ахатәы ҭыӡшәақәа ыҟан усҟангьы, убарҭқәа ирыхҟьаны исцәыуадаҩуп спектакльк ӷәӷәала алкаара. Ус шакәугьы, сахьӡеит Леуарса Касланӡиа "Март 4" захьӡыз аспектакль аҿы ицәырҵра. Инеигӡоз ароль епизодын, аха иара асценаҿы данаацәырҵ азал аҿы итәаз ирныруан ирбоз атеатр адоумышьханқәа дышреиуаз.

Аибашьра аламҭалаз, актиорцәа дуқәа рықәрагьы маҷмызт, убри аҟынтә, еиҳа имаҷны иаҳбо ҳалагеит, уи акәхап, адуцәа аныԥхьатәа атеатр аҵыкәкәаарагьы изалагаз. Усҟан атеатртә еилазаара еиҳабыс иамаз Еҭери Коӷониаԥҳагьы иааилатәан лусурагьы дамырхит 55 шықәса дшырҭагылаз. Нас иҟан аибашьра. Уи анеилга ашьҭахь, еилаԥыххааса иҟаз ҳдунеи Аԥсуа театргьы ианымԥшыр амуит.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаЕлеонора Коӷониаԥҳаи аԥсуа бызшәазы лырҵаҩы Анна Ҵнариаԥҳаи лареи.
Атеатри сыԥсҭазаареи - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳаи аԥсуа бызшәазы лырҵаҩы Анна Ҵнариаԥҳаи лареи.

Атеатр уи аамҭазы напхгаҩыс иазынхаз Валери Ақаҩба аус зциушаз ааныжьны, егьырҭ Амиран Ҭаниа, Алексеи Ерморлов, Шьалуа Гцыба, Софа Агәмааԥҳа уҳәа атеатр "индәылицан" ашә неиркит. Ари арепрессиа ҳаҵанкит саҳәшьа Ира Коӷониаԥҳаи сареи.

20 шықәса рышьҭахь саҳәшьа атеатр ахь дгьежьит, ари зыҩуа сакәзар ажурналист изанааҭ шьҭысхит, аха атеатри сареи ҳаицәҟьаланы ҳҟамлеит, срыхәаԥшуеит ҳтеатрқәа зегьы иқәдыргыло аспектакльқәа, алшара ансымо исыҩуеит еиуеиԥшым асахьанҵақәа, ԥхыӡ избоит лабҿаба исзынамыгӡаз арольқәа, избанзар атеатр агьама сыԥсҭазаара иузалымхуа иалоуп иахьагьы.

Ҳазҭагыло аамҭазы С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа театр иахыҵуеит 90 шықәса - атеатр гылоуп аҭыԥаҿ, амала аҭыӡшәа шамац иаанхоит, избанзар - ау дымлаҟәит, акьаҿ дзынамӡеит. Абри гәалас исымоуп…

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАдипломтә усумҭа Мольер иҩымҭала " Изҭахымкәа ихәшәтәыҩхаз". 1985 шықәса.
Атеатри сыԥсҭазаареи - Sputnik Аҧсны
Адипломтә усумҭа Мольер иҩымҭала " Изҭахымкәа ихәшәтәыҩхаз". 1985 шықәса.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0