Аԥсны АКХ: ахада иалхрақәа рҟны 116 нызқьҩык инареиҳаны рыбжьы арҭар ҟалоит

Аԥсны алхрақәа рҭоурых аҟны раԥхьаӡа акәны 9-ҩык акандидатцәа алахәуп. Зынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа 152 алхырҭатә ҭыԥ ыҟоуп.
Sputnik

 АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аԥсны ахада иалхрақәа рҟны 116 нызқьи 75-ҩык ауааԥсыра рыбжьы арҭар ҟалоит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа.

"Аха ари ахыԥхьаӡара макьана аҽаԥсахыр ҟалоит, избанзар алхыҩцәа рсиақәа макьана рхарҭәаара иаҿуп", - лҳәеит лара.

Гогьиа Аԥсны ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵаразы: аусура еилашуеит

Абиуллетенқәа рхыԥхьаӡара алхрақәа рымш анааилак ишьақәыргылахо асиа ианыло алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иаҟарахоит, иаалыцҳауеит Лабахәуаԥҳа.

"Абиуллетенқәеи алхыҩцәеи рхыԥхьаӡара еиҟарахоит. Алхыҩцәа рышәпроцентк шымааиуа усгьы еилкаауп, убри азыҳәан абиуллетенқәа хымԥада иазхоит", - лҳәеит АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ. 

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәыргылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, зыҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟә жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: