Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба иштаб аихсра ахҭыс азы ашьаус хацыркуп

Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу иштаб ишеихсыз азы Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь адырра ҟалеит нанҳәа 21, асааҭ 10 рзеиԥш.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭа ақалақь Апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу иштаб аихсра ахҭыс инамаданы, абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәатәи иштаб иеихсит

Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба иштаб ишеихсыз азы Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь адырра ҟалеит нанҳәа 21, асааҭ 10:30 рзеиԥш.

Аҭыԥ ахь инеиз аусҭҵаара-оперативтә гәыԥ еилыркааит нанҳәа 21 асааҭ 01:00 - 09:00 ирыбжьанакыз аамҭазы иеилкаам ахаҿы иеилкаам абџьар ала Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба иалхратә штабс қьырала иргаз акаҳуажәырҭа "Нептун" дшеихсыз.

Аоперативтә усҭҵааҩцәа аҭыԥ аҟны ирыԥшааит излахысхьоу аџьазцәақәа быжьбеи ахы ахәҭақәа ԥшьбеи. Урҭ рыхкқәа макьана еилкаам.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: