00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба иштаб аихсра ахҭыс азы ашьаус хацыркуп

© Foto / abkhazinformАԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхатәи иштаб иеихсит
Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхатәи иштаб иеихсит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу иштаб ишеихсыз азы Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь адырра ҟалеит нанҳәа 21, асааҭ 10 рзеиԥш.

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭа ақалақь Апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу иштаб аихсра ахҭыс инамаданы, абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәатәи иштаб иеихсит - Sputnik Аҧсны
Ахадарахьы акандидат Олег Аршба Мгәыӡырхәатәи иштаб иеихсит

Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба иштаб ишеихсыз азы Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь адырра ҟалеит нанҳәа 21, асааҭ 10:30 рзеиԥш.

Аҭыԥ ахь инеиз аусҭҵаара-оперативтә гәыԥ еилыркааит нанҳәа 21 асааҭ 01:00 - 09:00 ирыбжьанакыз аамҭазы иеилкаам ахаҿы иеилкаам абџьар ала Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба иалхратә штабс қьырала иргаз акаҳуажәырҭа "Нептун" дшеихсыз.

Аоперативтә усҭҵааҩцәа аҭыԥ аҟны ирыԥшааит излахысхьоу аџьазцәақәа быжьбеи ахы ахәҭақәа ԥшьбеи. Урҭ рыхкқәа макьана еилкаам.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0