Путин Аԥсны ахада дааиԥхьеит Москва имҩаԥысраны иҟоу Аиааира Апарад ахь

Урыстәыла ахада Аԥсны ахада иахь ааԥхьара ааишьҭит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку аныҳәахь.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Владимир Путин Аԥсны Ахада дааиԥхьеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку Аиааира Апарад ахь лаҵара 9, 2020 шықәсазы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ртәы здыруа Урыстәыла ахада иадминистрациаҟны ахыҵхырҭа.

Владимир Путин аԥсуа жәлар ирыдиныҳəалеит Аиааира ду амш

Ҳзыҿцәажәоз иазгәеиҭеит ИАР атәылақәа рхадацәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсныи рхадацәа.

Уаанӡа иаарыцҳаит Аиааира 75 шықәса ахыҵра инамаданы Владимир Путин ишааиԥхьаз Франциа, Китаи, ЕАА, КНДР, Индиа, Пакистан.

Москва иазԥхьагәаҭоуп агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рыпрограмма ду.

2015 шықәса рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь иааит 23 ҳәынҭқарра рхадацәа, иара убас ЕАР, ИуНЕСКО рнапхгаҩцәа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәын 55 нызқьҩык Аԥсны атәылауаа. Урҭ рахьтә 17 нызқьи 430-ҩык рыҩныҟақәа рахь ихнымҳәӡеит. 22 Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан, хҩык аибашьцәа Ахьӡ-аԥша аорденқәа х-ҩаӡарак ранашьан.