Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

Аԥсны ахадарахьы иқәгылоу акандидатцәа рыбжьы шырҭиизи урҭ ргәалаҟазаара зеиԥшрази Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Sputnik

Аԥсны ахада иалхра иалахәуп ахадарахьы иқәгыло акандидатцәагьы. Абжьыҭарахь раԥхьа днеит Аԥсны иахьатәи ахада, ахадарахьы акандидат Рауль Ҳаџьымба.

Иара ибжьы аиҭон Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны. Абжьы азҭо зегь реиԥш, Рауль Ҳаџьымбагьы иҭан абиуллетен. Иара уи харҭәааны, аурна иҭаиршәит.

"Агәра ганы сыҟоуп, ҳажәлар аҭынчреи аԥеиԥш лашеи шалырхуа. Ҳара ԥхьаҟа ҳцалароуп, ҳаҿиалароуп", - иҳәеит иара.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

Аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа ибжьы аиҭеит алхырҭатә ҭыԥ хада №7 аҟны. Иара иӡомызт игәалаҟазаара шыбзиаз.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

"Ҳара ҳааит ҳгәалаҟазаара бзианы. Ҳтәылауаа зегьы убасҵәҟьа рхы-ргәы иақәгәырӷьо иааип ҳәа сгәыӷуеит. Зегьы ҳаззыԥшу акоуп - Аԥсны аиҭакрақәа ҿыцқәа иалагап ҳәа", - иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Олег Аршба Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны ибжьы аиҭеит. Аԥсны иқәынхо ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи амарымажареи.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

"Хымԥада, алхрақәа турк ала ҳрылгар бзиан, аха уи алхыҩцәа роуп знапы иану", - иҳәеит Олег Аршба.

Асҭамыр Ҭарба алхырҭатә ҭыԥ хада №2 аҟны ибжьы аиҭон.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

"Зегь реиҳа ихадоу - ауааԥсыра ргәы ҭынчзароуп уаҵәтәи амш шырзылԥхо азы", - иҳәеит акандидат.

Асҭамыр Какалиа ибжьы аиҭеит ашкол № 12 аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

Алмас Џьапуа ашкол №5 аҿы ибжьы аиҭон.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

Леонид Ӡаԥшьба – алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны. "Иахьа ныҳәоуп, ауаа рԥеиԥш алырхуеит", - иҳәеит иара.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

Шамил Аӡынба ибжьы аиҭеит алхырҭатә ҭыԥ №3 аҿы. Уахь ицнеит иԥҳацәа ҩыџьа.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

Артур Анқәаб ибжьы аиҭон Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №1 аҿы.

Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

Ахада иалхрақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Аԥсны АКХ алхрақәа реиҿкаара иахҭынҵоу аԥара иалацәажәеит

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.