Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иалхрақәа
Аԥсны ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадарахьы иқәгылоу акандидатцәа рыбжьы шырҭиизи урҭ ргәалаҟазаара зеиԥшрази Sputnik аматериал аҿы.

Sputnik

Аԥсны ахада иалхра иалахәуп ахадарахьы иқәгыло акандидатцәагьы. Абжьыҭарахь раԥхьа днеит Аԥсны иахьатәи ахада, ахадарахьы акандидат Рауль Ҳаџьымба.

Иара ибжьы аиҭон Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны. Абжьы азҭо зегь реиԥш, Рауль Ҳаџьымбагьы иҭан абиуллетен. Иара уи харҭәааны, аурна иҭаиршәит.

"Агәра ганы сыҟоуп, ҳажәлар аҭынчреи аԥеиԥш лашеи шалырхуа. Ҳара ԥхьаҟа ҳцалароуп, ҳаҿиалароуп", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРауль Ҳаџьымба ажурналистцәа дрыҿцәажәоит
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба ажурналистцәа дрыҿцәажәоит

Аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа ибжьы аиҭеит алхырҭатә ҭыԥ хада №7 аҟны. Иара иӡомызт игәалаҟазаара шыбзиаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Кәыҵниеи иԥҳа Сариеи
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниеи иԥҳа Сариеи

"Ҳара ҳааит ҳгәалаҟазаара бзианы. Ҳтәылауаа зегьы убасҵәҟьа рхы-ргәы иақәгәырӷьо иааип ҳәа сгәыӷуеит. Зегьы ҳаззыԥшу акоуп - Аԥсны аиҭакрақәа ҿыцқәа иалагап ҳәа", - иҳәеит Алхас Кәыҵниа.

Олег Аршба Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны ибжьы аиҭеит. Аԥсны иқәынхо ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи амарымажареи.

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Аршба ажурналистцәа дрыҿцәажәоит
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Олег Аршба ажурналистцәа дрыҿцәажәоит

"Хымԥада, алхрақәа турк ала ҳрылгар бзиан, аха уи алхыҩцәа роуп знапы иану", - иҳәеит Олег Аршба.

Асҭамыр Ҭарба алхырҭатә ҭыԥ хада №2 аҟны ибжьы аиҭон.

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсҭамыр Ҭарба инапы аҵаиҩуеит
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Ҭарба инапы аҵаиҩуеит

"Зегь реиҳа ихадоу - ауааԥсыра ргәы ҭынчзароуп уаҵәтәи амш шырзылԥхо азы", - иҳәеит акандидат.

Асҭамыр Какалиа ибжьы аиҭеит ашкол № 12 аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.

© Foto / Абаза ТВАсҭамыр Какалиа алхырҭатә ҭыԥ аҟны
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Какалиа алхырҭатә ҭыԥ аҟны

Алмас Џьапуа ашкол №5 аҿы ибжьы аиҭон.

© Foto / Алмас ДжапуаАлмас Џьапуа алхыҩцәа рсиаҟны инапы аниҵоит
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Алмас Џьапуа алхыҩцәа рсиаҟны инапы аниҵоит

Леонид Ӡаԥшьба – алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны. "Иахьа ныҳәоуп, ауаа рԥеиԥш алырхуеит", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛеонид Ӡаԥшьба абиуллетен ирҭеит
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Леонид Ӡаԥшьба абиуллетен ирҭеит

Шамил Аӡынба ибжьы аиҭеит алхырҭатә ҭыԥ №3 аҿы. Уахь ицнеит иԥҳацәа ҩыџьа.

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШамиль Аӡынба иԥҳацәеи иареи
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Шамиль Аӡынба иԥҳацәеи иареи

Артур Анқәаб ибжьы аиҭон Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №1 аҿы.

© Sputnik Артур Анқәаб ибжьы аиҭоит
Акандидатцәа ралхра: ахадарахьы ицо рыбжьы шарҭаз - Sputnik Аҧсны
Артур Анқәаб ибжьы аиҭоит

Ахада иалхрақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша, нанҳәа 25 рзы. Абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ алхрақәа реиҿкаара иахҭынҵоу аԥара иалацәажәеит

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0