АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ахҳәаа аиҭеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла азырхынҳәраз илымоу лгәаҳәара.
"Қырҭтәыла агәаанагара сара хьаас исымаӡам. Урҭ рҳәамҭақәа зегьы ҳҳәынҭқарразы аҵак рымам", - иҳәеит Ҳаџьымба, ажурналистцәа дрыҿцәажәо.
Иара убасгьы иҳәеит Аԥсны адгылара ду шанаҭо Урыстәылатәи Афедерациа, егьырҭ зегьы узызхәыцыртә иҟам цәажәарақәоуп.
Уаанӡа, Зурабишвили аҳәамҭа ҟалҵахьан Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәыла ҭынчымҩала ианазыхынҳәуа аамҭа ҟалап ҳәа дышгәыӷуа.
Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аԥсны иақәлеит. Иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Бџьарла еиқәныхыз Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ар Аԥсны аҵакыра ампыҵахаларазы аибашьра иалагеит.
Цәыббра 27, 1993 шықәса рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын, цәыббра 30 рзы – Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо зегьы ахы иақәиҭтәын.
Нанҳәамза 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит. Урыстәылеи Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәыла иадгылеит. Қарҭ аибашьра аанкыланы, ар архынҳәыр акәхеит.
Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра. Убри аахыс арҭ ареспубликақәа ныҳәак еиԥш иазгәарҭоит абри амш.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- ААР иалшом ҳәа иазырырыԥҳьаӡоит НАТО аҳаиртә баӷәаза Қырҭтәыла аҟазаара
Аԥсны ААР: Қырҭтәыла ООН аҿы ареспубликазы иԥаршеиу аинформациа рыладырҵәоит