Арадио

Аблоҭиа: аҟазара злоу аҳәаақәа данырҭаугӡо, ауаҩы ихаҿы изаамго абзиақәа ааирԥшуеит

Аԥсны Жәлар рартист, акиностудиа "Аԥсуафильм" асахьаркыратә директор, арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҟны агәаанагара ааирԥшит асовет аамҭазы акәын Урыстәыла афильм бзиақәа иаҳа ианырацәаз ҳәа.
Sputnik
Аблоҭиа: аҟазара злоу аҳәаақәа данырҭаугӡо, ауаҩы ихаҿы изаамго абзиақәа ааирԥшуеит

Урыстәылатәи акино амш ауп нанҳәа 27.

"Иахьагьы иҟоуп арежиссиорцәа аурыс ҟазшьа, аменталитет аазырԥшыр зҭаху, ҳәарада, аха урҭ афильмқәа усҟак ирыхәаԥшуам. Асовет ҳәынҭқарра аныҟаз усҟан аидеологиа даҽакын, ҳәаақәак арбан изеиԥшразыр акәыз. Уи аамҭазы зегь рацкьыс афильм бзиақәа ыҟан Урыстәыла. Аҟазара злоу аҳәаақәа данырҭаугӡо уаҩы ихаҿы изаамго абзиақәа ааирԥшуеит, ихы даужьны даныҟоу деиԥхьатта дҟалоит. Ани аҳәаақәа данҭаургыло ихшыҩ аусура иалагоит, абри ахәыҷы аҟны ибзианы иаасырԥшри ҳәа", - азгәеиҭеит Аблоҭиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Акинорежиссиор: акино еиԥш аҳәынҭқарра апропаганда азызуа акгьы ыҟам
  • Кьасоу Ҳагба: амилаҭтә киносахьа аҭыхра уахгьы-ҽынгьы ҳаҿызароуп