Кьасоу Ҳагба: амилаҭтә киносахьа аҭыхра уахгьы-ҽынгьы ҳаҿызароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКьасоу Ҳагба
Кьасоу Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшроуи иахьа аԥсуа кинематограф аҭагылазаашьа, уи ҿиашьас иамоузеи, аԥеиԥш бзиа аиуразы иҟаҵатәузеи? Абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа дзыҿцәажәаз Аԥсны Акинематографистцәа реидгыла ахантәаҩы, актиор Қьасоу Ҳагба.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Иаҭахума иахьа аԥсуа кино аҭыхра?

Кьасоу Ҳагба: Аԥсны – аҩбатәи Голливуд ауп>>

- Ленин аҳәынҭқарра дуӡӡа аниргыла, зегь раԥхьаӡа дзызхьаԥшыз, ихымԥадатәиины ииԥхьаӡаз иреиуан акино. Сара хаҭала жәохә шықәса ҵуеит абри азҵаара салацәажәоижьҭеи, изасымҳәац аӡәгьы дыҟаӡам. Аха арыцҳаразы, анапхгараҿы аӡәык-ҩыџьак ирыдамзаргьы, иҟамлаӡеит акино аҿиара иамоу амилаҭтә ҵакы еилкааны иадгылашаз.

Кадры из фильма Меня зовут Махаз - Sputnik Аҧсны
Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Москватәи акинофестиваль аҿы аиааира агеит

Амилаҭтә киносахьа аҭыхра уахгьы-ҽынгьы аԥсуаа ҳахьаҿым аԥара амамзаара акәӡам изыхҟьо, амдырра ауп, сгәанала. Иҟаӡам адунеи аҟны телехәаԥшрак, акино ҭызымхуа. Зыӡбахә сымоу адокументалтәқәа ракәым, асахьаркыратә фильм ауп.

Урыстәыла акинематографистцәа реидгыла иалахәу ракәыз, егьырҭ атәылақәа рҟны акәыз, уи ахырхарҭа знапы алаку, есааира сызмадоу ауаа рацәаҩуп. Дара зегьы ирзыџьашьахәуп иахьа ҳара ҳхатәы кино ахьҭаҳамхуа. Абриаҟара џьамыӷәа шәхыганы, аибашьра шәаиааины, аҭынч ԥсҭазаараҿы уажәшьҭа ишәԥырхагои ҳәа исызҵаауеит есқьынгьы. Акамбашьқәа шәымазар, иҭиины, аџьмақәа ҭиины зҳәазеиԥш, шәхатәы милаҭтә кино ҭыхны, ауаа идшәырбала, адунеи иазцәырыжәгала, шәыззыԥшуи ҳәа сыхҭаркуеит ҳанеибабало.

Аблоҭиа: аԥсуа кинемотограф иаҵагылаша аҿар ыҟоуп>>

Сара уи еиҳагьы сгәы ԥнажәоит, избан акәзар дара ирымҳәаргьы, издыруеит иаҭаху, ишаҭаху, аха иацзырӷызыша уаҩԥсы дысмоуит. Аиҳабыра ракәыз аиҵбыра ракәыз, сгәы ҭыӷьӷьа, ҭаацәашәала снарыдтәаланы ари аӡбахәала сызмацәажәацда, аха арыцҳаразы, иҟац ауп иҟоу.

Режиссер Тимар Тания следит  за съемочным процессом - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа: афильм аперсонажцәа ахәаԥшцәа ргәалашәараҟны иаанхоит

Ашәаҳәара, акәашара еиԥш иҟоу адоуҳатә культура ибзианы аҿиара иаҿуп, ажәлар ыҟанаҵы, уи аҟны еиҵахара ҳаурым ҳәа сгәы иаанагоит. Аха акино, атеатр, амузыка уҳәа амилаҭтә ҟазара хаҭаҵәҟьа ҩынтәны еиҳагьы аҿиара бзиа аиур ахәҭоуп.

Ҳәарада, аҵарадырра ма аспорт уҳәа, ирацәоуп адунеи ахь ҳазлацәырҵша, ҳхаҭара злааҳарԥшыша, аха амилаҭтә ҟазара – уи зынӡаск ихазуп, еиҳагьы иҷыдоу ароль ӷәӷәа нанагӡалар ахәҭоуп. Избан акәзар иароуп адунеи аҟны пату уқәҵаны иуацәажәартә аҟаҵара зылшо.

- Асовет аамҭазы иҭыхыз афильмқәа иахьа ирыхәҭоу ахәшьара рыҭоума, насгьы урҭ ирҿаҳҵаарц иҳалшозеи?

- Асоветтә система ахаҭа еилабгеит, аха уи иаҿыԥшны иахьа аҿиара иаҿу аҳәынҭқарра маҷқәа кыр хара ицахьеит, урҭ рцивилизациатә ҿиара иаарымурҽхәартә аласра ацуп. Уи асистема амчра анамаз, ҳәарада акиносахьагьы аҿиара бзиа аман, избанзар иҟан ахәшьара азҭоз акинокритика. Асовет фильмқәа аԥсҭазаара аҵакы шаҟа ауаҩы иеилнаркаауа, исахьаркны, ауаҩы ихаҿы инхо ишҭыху ҳара ҳабиԥара ҳәарада иргәалашәоит, уимоу, аиҵбыратә абиԥарагьы хәыҷ-хәыҷы уи рбарҭахо иалагеит.

Аԥсны акиноҭыԥқәа рышьҭрала>>

Иахьа уактиорхарц азы, урежиссиорхарц азы, ушәҟәыҩҩхарц азы аҵара аҭахымхо аҟынӡа ҳнеины ҳаҟоуп. Иахьатәи "адемократиатә" аамҭазы акамера аахәаны акино аҭыхра иалаго дарбанызаалак срежиссиоруп ҳәа ихы иазиҳәоит, дацәыԥхашьаӡом.

Кадр из фильма Отец Тимура Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Ҭемур Кәакәасқьыр ифильм "Аб" Волоколамсктәи акинофестиваль аԥхьахә аиуит

Ани зыӡбахә сымаз Асоветтә система анеилабга ашьҭахь иацәынхақәаз аелементқәа роуп арҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа зхылҿиаауа, аха уи ԥыҭҩык уажәшьҭа ацәцара рылшахьеит. Хаҭала ҳаргьы уи ацәцара ҳцәыцәгьахеит, кырӡа иуадаҩуп.

Раԥхьаӡа инаргыланы ауадаҩра зыхҟьо ҳәа исыԥхьаӡо – ари аус знапы алаку ауаҩы хыԥхьаӡарала хԥа рҟынӡа аҵара имазароуп. Насгьы амилаҭтә ҟазара хныҟәгагас, крыфагас ианыҟауҵа – ҟазара ҳәа акгьы зыҟалаӡом, зегь башахоит. Аҟазара иаҿу ауаҩы уахгьы-ҽынгьы ихы аус адиулалароуп, аҵара иҵалароуп, дымтәароуп-дымгылароуп, ажәакала "дычмазаҩызароуп" иара амацара ала…

Аҟәа аԥсышәала акинофильм аҭыхра иалагеит>>

- ...Абасеиԥш ҟазарала "ичмазаҩу" ауаа маҷхама шәара шәахьахәаԥшуа?

- Аиашазы аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳацәгьаӡам, еиҳа ҳаиӷьхазшәа сгәы иабоит. Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирылгаз аҿар бзиа ҳамоуп, арежиссиорцәеи асценаристцәеи ҳамоуп.

Скульптура Чика - Sputnik Аҧсны
Искандер ирҿиамҭақәа ирылху акинофильм Аԥсны иҭырхраны иҟоуп

Акритика аҟны ҷыдала аиҵахара ҳамоуп, аха уи ҳара ҳҿы мацара акәӡам, адунеиаҿгьы ари апроблема иахьа иҵарны иқәгылоуп. Абарҭқәа зегьы раасҭагьы ихадоу проблеманы сахәаԥшуеит, амилаҭтә киносахьа аҭыхра аҿар рааӡараҿы, егьырҭ ажәларқәа рҿаԥхьа ҳмилаҭ аӡыргараҿы иамоу аҵакы еилызкаауа ауаа ахьмаҷхаз.

Асахьаркыратә бызшәоуп амилаҭ рдоуҳа еиқәзырхо. Сахьаркырала иҩуа ашәҟәыҩҩы даныҟала, сахьаркырала ицәажәо актиор даныҟала, сахьаркырала акино ҭызхуа арежиссиор даныҟала – убасҟан ауп абызшәагьы анеиқәхо. Ари уамаӡак аҭаху џьаҳшьоит, аха уаҩы иимыӡбац акгьы ҿыц аӡбара аҭахӡам - агәаҳәароуп, аусуроуп иаҭаху.

- Иҟоума уи аҩыза аусура зхахьы изгаша аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа?

Аблоҭиа: абызшәа арҿиаразы иреиҳау мчуп аекран>>

- Изакәызаалак акгьы ыҟаӡам. Иаҳҳәап, Урыстәыла акультура аминистрраҿы иаԥҵоу, амилаҭ кино аҿиара афонд еиԥш иҟоу изакәызаалак хеилакырҭак ҟаҵазар ахәҭан ҳәа исыԥхьаӡоит иахьа уажәраанӡагьы. Абасала ҳҽеиҿаҳамкаар, "аԥша иаанагаз – аԥша иагоит" ҳәа шырҳәо еиԥш, еснагь ҳахьыҟаз ахь ҳхынҳәлоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0