Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аблоҭиа: аҟазара злоу аҳәаақәа данырҭаугӡо, ауаҩы ихаҿы изаамго абзиақәа ааирԥшуеит

© Sputnik / Вячеслав АблотияВячеслав Аблотия
Вячеслав Аблотия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, акиностудиа "Аԥсуафильм" асахьаркыратә директор, арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа арадио Sputnik аефир аҟны агәаанагара ааирԥшит асовет аамҭазы акәын Урыстәыла афильм бзиақәа иаҳа ианырацәаз ҳәа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аблоҭиа аурыс кино иазкны

Урыстәылатәи акино амш ауп нанҳәа 27.

"Иахьагьы иҟоуп арежиссиорцәа аурыс ҟазшьа, аменталитет аазырԥшыр зҭаху, ҳәарада, аха урҭ афильмқәа усҟак ирыхәаԥшуам. Асовет ҳәынҭқарра аныҟаз усҟан аидеологиа даҽакын, ҳәаақәак арбан изеиԥшразыр акәыз. Уи аамҭазы зегь рацкьыс афильм бзиақәа ыҟан Урыстәыла. Аҟазара злоу аҳәаақәа данырҭаугӡо уаҩы ихаҿы изаамго абзиақәа ааирԥшуеит, ихы даужьны даныҟоу деиԥхьатта дҟалоит. Ани аҳәаақәа данҭаургыло ихшыҩ аусура иалагоит, абри ахәыҷы аҟны ибзианы иаасырԥшри ҳәа", - азгәеиҭеит Аблоҭиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0