АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аделегациа, зхадараҿы аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба дыҟоу, усутә ныҟәарала Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоуп ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
"Иахьа ҳделегациа алахәылацәеи Шьамтәыла аекономика аминистр Мухаммед Самер Халили аиԥылара рыман. Аиԥылараан иазыԥхьагәаҭан ԥхьаҟатәи Аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа. Атәылақәа рыҩба рминистрцәа аусутә еиԥыларақәа рыграфик рыдыркылеит. Аԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ашықәс нҵәаанӡа", - иҳәоит Ҭыжәба.
Нанҳәа 28 рзы ҳделегациа алахәхоит Дамаск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-иармарка. Иара убасгьы аиԥыларақәа мҩаԥысраны иҟоуп атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи апарламент рҿы.
Аԥснытәи аделегациа, зхадараҿы аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба дыҟоу иалахәылоуп: аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәлиа, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Апарламент адепутат Александр Цышәба, адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мрагылара ааигәа адепартамент аиҳабы Инвер Алшәындба.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Хәытаба: Шьамтәыла иашьак иеиԥш иҳахәаԥшуа ҳәынҭқарроуп
Дбар: Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иаԥхьагылоу ахҭыс ыҟам