Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа аҭышәныртәаларахь ақырҭуа ган аанаԥхьоит

Мышқәак раԥхьа Знауртәи араион ақыҭа Цнелис ааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа, ақырҭуа ар аблокпост аргылара нападыркит. Аахыҵ Уаԥстәыла нанҳәа 30 шьыжьынӡа уи ықәгазарц адҵа ҟанаҵеит, аха Қырҭтәыла ишыҟац иннажьит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылахь ааԥхьара ҟанаҵеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәааҟны аҭагылазаашьа аибарххара алнамыршарц.

"Агәра ҳгоит иарбанзаалак азҵаарақәа еиҿцәажәарыла рҭыԥ рықәҵара шалшо", - ҳәа аҳәоит Аԥсны ААР асаит аҿы.

Аминистрра иара убасгьы ааԥхьара рырҭоит жәларбжьаратәи абжьаҟазаҩцәа ақырҭуа ган ахымҩаԥгашьа ахәшьара азырурц, аофициалтә Қарҭ анырра арҭарц.

МПРИ аҿы Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа еиҭахәаԥшраны иҟоуп

"Қырҭтәыла аҽыннамкылар, иҟалар зылшо азы аҭакԥхықәра адлароуп", - ҳәа рҳәоит Аԥсны ААР аҿы.

Мышқәак раԥхьа Знауртәи араион ақыҭа Цнелис ааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа ақырҭуа ар аблокпост аргылара нападыркит.

Аблокпост ахьдыргыло аҭыԥ Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакыра иатәуп.

Уаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла "Град" ала ареспублика иалахысуа иажәланы аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа, нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: