МПРИ аҿы Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьа еиҭахәаԥшраны иҟоуп

© Sputnik / Ян ГабараевАахыҵ Уаԥстәыла
Аахыҵ Уаԥстәыла - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 29 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа МПРИ (Аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи аҭак рыҭареи рзы Амеханизм) аформат ала 95-тәи аиԥылара ааннажьит Қырҭтәыла аҳәааҿы иаргыло аблокпост аргылара ари аиҿкаара иааннакыларц агәы иахьҭам азы.

АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылатәи аган МПРИ аформат ала имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа аанрыжьит ақырҭуа ган дара ирҳәоз ддырҳарц ахьырҭахымыз ҳәа Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла иазеиҭеиҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа анапхгаҩы Егор Кочиев.

"Аахыҵ Уаԥстәылатәи аган адҵаҟаҵарала ахәаша имҩаԥысраны иҟоуп МПРИ аформат ала аиԥылара. Аганқәа аҽазныкгьы иалацәажәараны иҟоуп аҳәынҭқаррақәа рҳәааҿы иҟоу аибарххара", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аимакшьҭахьтә ҭышәныртәалараз Аахыҵ Уаԥстәыла ахада ихаҭарнак Мурат Џьиоев.

Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа - Sputnik Аҧсны
Аахыҵ Уаԥстәылатәи амчрақәа Қырҭтәыла аҳәааҿ рҽеизыркит

Мышқәак раԥхьа Знауртәи араион ақыҭа Цнелис ааигәара, аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхарҭақәа ирцәыхарамкәа, ақырҭуа ар аблокпост аргылара нападыркит.

Аблокпост ахьдыргыло аҭыԥ Аахыҵ Уаԥстәыла аҵакыра иатәуп.

Уаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла "Град" ала ареспублика иалахысуа иажәланы аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа, нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0