Арадио

Гогьиа хабарда ибжьаӡны иҟаз лыҷкәын ихабар шеилкаахаз еиҭалҳәеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра зыҷкәынцәа алахәыз Роза Гогьиа Sputnik акорреспондент данлыҿцәажәоз изеиҭалҳәеит лхәыҷқәа рҭоурых.
Sputnik

Нанҳәа 30 адунеи аҟны иазгәарҭоит Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны иахьагьы 126 ҭаацәара ргәакьацәа рхабар иазыԥшуп.

Гогьиа хабарда ибжьаӡны иҟаз лыҷкәын ихабар шеилкаахаз еиҭалҳәеит

"Сыҷкәын Мурҭаз Гогьиа аибашьра ианалага Тҟәарчалҟа дзымаакәа Гәдоуҭаҟа дагеит. Деибашьуан "Шьараҭын" даланы, иқәҿиарадахаз Марттәи ажәылара далахәын. Уи ашьҭахь сыҷкәын аиҵбгьы 17 шықәса зхыҵуаз иашьа дишьҭаланы дцеит. "Уашьа аиҳабы деибашьуеит, уаангыл" ҳәа иарҳәон, аха иуамызт. Аҳбҩықә иҭархаз авертолиот аҟны дҭахеит схәыҷы Мурҭаз. Зны дҭыҵит рҳәеит, нас хабарда дыбжьаӡит ҳәа ҳаҳаит, иҟаҳҵо ҳзымдыруа ҳақәын, амала иқә-иҵас зегьы ҟаҳҵеит. Ҩажәа шықәса рышьҭахь еилаҳкааит, даҳбеит ҳҳәап шьҭа, ибаҩқәа рыла еилкаахеит дышҭахаз. Аибашьра еибашьроуп, аӡә дҭахоит, аӡәы маха-шьахала илшарақәа еицакхоит,иҳачҳап анацәа. Егьи сыҷкәын аибашьра ашьҭахь дсыцәҭахеит. Сыԥсы ҭоуп, смоҭацәа ыҟоуп, егьырҭ схәыҷқәа ыҟоуп. Ажәлар, ҳхәыҷқәа, аҿар бзиа ҳаҵагыланы ҳаҟоуп, Анцәа сиҳәоит зегьы бзиахарц, иманшәаланы иҟаларц", - лҳәеит Роза Гогьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: