Иҿымцәаауа агәыӷра: хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа иҭоурых

© Foto / предоставлено Нюрой ГабунияЏьопуа Артиом, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз
Џьопуа Артиом, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ниура Махаз-иԥҳа Габуниа лыԥшəма Артиом Џьопуа Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит, лԥазаҵə Баҭал Џьопуа Марттəи ажəылараҿы дҭахеит. Џьопуаа рҭаацəа иазку анҵамҭа ҳадылгалоит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы имаҷҩым ҳаӷацəа ирҳəынҷаз, цəгьаԥсышьа зырҭаз, иахьа уажəраанӡа зхабар еилкаам ҳауаажəлар. Аха иҟоуп гəыӷрак уеизгьы, егьа аамҭа царгьы рыӡбахə зҳəо хабар хəыҷык шԥамааири, жəабжьк рыхьӡала ишԥаҳмаҳари ҳәа игəыӷуа аҭаацəарақəа. Убас, Ниура Габуниаԥҳа, лыԥшəма Џьопуа Артиом Баџьга-иԥа хабарда дыбжьаӡит Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраан, иара убас лԥазаҵə "Агəымшəаразы амедал" занашьоу Баҭал Артиом-иԥа, Марттəи ажəылараҿы дҭахеит.

Агәырҩа еиднакылаз анацәа рхеилак шаԥҵахаз>>

"Абар сынтəа 11 шықәса ҵуеит хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара нап аркуижьҭеи, ҳарҭгьы уажəшьҭа хəышықəса-фышықəса ҵуеит Аҟəа ақалақь Ахьӡ-Аԥша абаҳчаҿы рыхьӡала ашəҭқəа шьҭаҳҵоижьҭеи. Сара сыԥшəма иеиԥш, хабарда ибжьаӡқəаз рацəаҩуп, аха аамҭак шԥамааири, ҳашԥахаанымхари урҭ рыӡбахə ҳара ҳҟынӡа иааӡартə еиԥш", - лыгəҭыхақəа дҳазрылацəажəон Ниура Габуниаԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукНиура Габуниаԥҳа аҳәса рыгәҭа дгыланы, Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭалҵоит.
Иҿымцәаауа агәыӷра: хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Ниура Габуниаԥҳа аҳәса рыгәҭа дгыланы, Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭалҵоит.

50 шықəса раахыс Џьопуаа рҭаацəара нхоит Аҟəа ақалақь аҿы. Аԥсыуа ҭаацəак ишраҭəоу еиԥш рхы ныҟəыргон, ирызҳауан хҩык рыхшара - ҩыџьа рыԥҳацəеи рԥеи. Аха аибашьра хлымӡаах арҭ аҭаацəара ргəыӷрақəа ҿнаҵəеит, рыҵəҩаншьап ыҵнахит.

"Сыԥшəма 50 шықәса ихыҵуан. Ҭраԥшь имҩа, аҩны №120 аҟынтə ддəылганы дыргоит 1992 шықәса ԥхынҷкəынмза 9 рзы. Уахынла ԥшыхəра ҳəа ҳара ҳаибашьцəа аалон, сыԥшəма адҵақəа ирҭалон, иара ибзианы идыруан аҭыԥқəа, иҟаз-ахьыҟаз иидыруаз раиҳəон. Жьҭаарамзазы Гагратəи ажəылара аныҟала ашьҭахь, еиҳа рҽырцəгьаны ианыбжьала, ицəгьа рҳəеит. Убасҟан иара идагьы иргақəаз аԥсуаа ыҟоуп: Таиф Аџьба, Џьота Амҷба уҳəа машьынак ала еицыргеит", - ҳәа азгəалҭоит Ниура Габуниаԥҳа.

Иуадаҩуп ари ахҭыс ус ажəала аиҭаҳəара, ублаҿы иааиуа асахьақəа акыр угəы ҭыршьаауеит. Ҳауаажəлар аԥышəара аамҭа иҭагылан, аԥсыуак ишиаҭəаз еиԥшгьы ахымҩаԥгара рылшеит.

Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны
Згәыхәтәы иахьырмыгӡаз апоет

"Амашьына иақəыртəаны Аҳабла ҿыц аҟынтəи иҵегьы аԥсуа хацəа ргеит уи аҽны. Таиф Аџьба иԥшəмаԥҳəыс лыла ишабоз иргеит, лара амашьына даннадгыла, сыԥшəма аҭел аномер лаиҳəеит, дасны иҳалҳəарц азы. Аха, дшəаԥырҳаԥуа дыҟан, аномер гəнылкыло дыҟазма уи аамҭазы. Ашьҭахь ауп иансалҳəа, Џьопуа хаҵакгьы "Кинопрокат" аҟынтə дшааргаз. Убасҟан еицыргаз зегьы, ааҩык раҟара еицыргеит, иахьа уажəраанӡагьы аӡəгьы ихабар ыҟаӡам", - лгәалашәарақəа ҳацеиҩылшон Габуниаԥҳа.

Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырԥашьа змам аԥсҭбарақəа, аӷа ихымҭа уаҩ деилнахӡом. Аб ихаҭыԥан дгылон аԥа, Аԥсадгьыл амца шыра иалыргарц иқəԥон уи аҵеицəа. Ацəгьара ахы ҟəыннашьом ҳəа, Ниура Габуниаԥҳа лгəырҩацəгьа уа ахы еиқəнамҳəалеит, 22 шықəса зхымҵыцыз лԥазаҵə аибашьраҿы длыцəҭахоит.

Аветеран: Марттәи ажәылараан зынӡа иқәыԥшқәаз аҷкәынцәа ҳацәҭахеит>>

"Ҳҳаблаҿы инхоз аҷкəынцəа рҽеидыркылеит. "Бабаду" игəыԥ ҳəа, ижəдыруеит ибзианы, убри иалан, иагьеицҭахеит дара рызегьы, ахəышəтəырҭа ашьҭахь ажра еицҭажьын. Ҟазшьала даара дласын сԥа, еиқəтəоз аӡə иакəӡамызт. Ҟабарда-Балкариа иреиҳау аҵараиурҭа дҭан, аԥхынтəи аԥсшьарамшқəа раан даан дшыҟаз ауп аибашьра ишалагаз, нас даанукылахуа дыҟазма?.." - луанытə дқəыԥсычҳауа дҳацəажəон аибашьҩы-афырхаҵа иан.

© Foto / предоставлено Нюрой Габуния Марттәи ажәылараан иҭахаз Ниура Габуниаԥҳа лԥазаҵә Баҭал Џьопуа
Иҿымцәаауа агәыӷра: хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Марттәи ажәылараан иҭахаз Ниура Габуниаԥҳа лԥазаҵә Баҭал Џьопуа

Габуниа Ниура Махаз-иԥҳа лԥазаҵə дҭахоит хəажəкырамза 16 рзы. Аҟəа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышə дамадоуп. Ан лԥазаҵə лассы-лассы иҳаҭгəын даҭаауеит, лгəазхара илымбацыз лԥа гəаныла диацəажəоит, лылаӷырӡқəа иара дызмадоу адгьыл инықəыԥсоит. Илҭахуп урҭ зқəыԥсо адгьыл аҿы наӡаӡа аҭынчра ыҟазарц, уаҳа еибашьра ҟамларц. Иахьа дрылагəырӷьоит илзынхаз лыхшара, изызҳауа, иреиҳау аҵараиурҭақəа ирылгахьоу лмаҭацəа.

"Сзықəгəыӷуаз сыҵəҩаншьап, сԥазаҵə дсыԥхеит. Ус иҟоуп аԥсҭазаара, ҳазшаз иҿаԥхьа ҳамчыдоуп, ауаа зегьы ирыхьыз ауп иҳахьыз, ус ауп сгəаанагара. Аҟəа ақалақь Анацəа рхеидкыла аиҳабы Гəыли Кьычԥҳа лнапы ҳакəыршаны, ҳаидкыланы ҳлымоуп, ҳгəы ахьышьҭылхша дашьҭоуп. Убри лылоуп ҳазлааиуа ҳəа сгəы иабоит сара", - лҳəеит Ниура Габуниаԥҳа.

Аибашьҩы шаҳаҭ диҭахӡам, уи шаҳаҭра изнауеит иара иԥсҭазаара зыхҭниҵаз иԥсадгьыл. Урҭ рҿаԥхьа ҳхырхəоит, аҭоурых иазынрыжьыз рфырхаҵара иеизҳауа абиԥарақəа рзы иҿырԥшыгоуп.

Хьырбеи Барцыц  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барцыц: аныда исааӡаз схәыҷқәа ак рыгыжьра сҭахымызт

"Уажəтəи аибашьра акəым, Аџьынџьтəылатə еибашьра ду аҟны хабарда ибжьаӡыз рыӡбахə ааҩуеит, рыԥшаара иаҿуп. Убри ҳаназхəыцлак, рыбаҩ мышкызны ишԥаҟамлари ҳəа гəыӷырҭак ҳауеит. "Гəҭыхас ибымоузеи, ибҭахузеи?" ҳəа бсазҵаар, "убри ибаҩ ԥшааны, ҳадгьыл дамаздар ауп" ҳəа басҳəоит. Ибаҩ ауп ҳзышьҭоу, уажəшьҭа иԥсы шҭам ҳдыргəышьоит. Аџьар Ҟаԥшьаа даара аус ду мҩаԥыргоит хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы, ҭабуп ҳəа расҳəоит", - ҳəа азгəалҭоит Ниура Габуниаԥҳа.

Ниура Габуниаԥҳа лгəыӷра ҿыцəаара шақəым еиԥш, иҟоуп аԥсуа ҭаацəарақəа, хабарда ибжьаӡыз рыӡбахə аҳара иазыԥшқəоу, ргəыӷрақəа здырҳəало амшқəа. Иаарласны иҟалааит уи аамҭа!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0