Иаҿашәеит сыҵәгәыр: Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭоурых

Аӡиас Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа шаԥҵаз аҭоурыхи, уадаҩрақәас изықәшәахьоуи, иара убас иахьатәи аԥсҭазаашьеи ртәы Есма Ҭодуа ланҵамҭаҟны.
Sputnik

Sputnik, Есма Ҭодуа

Сталин иҵәгәыр иаҿашәаз

Аԥсыӡ аԥсуаа рынхамҩаҿы ашәарыцареи ашьха ааӡареи инрываргыланы аҭыԥ ду амоуп. Амшын еиқәеи аӡиасқәеи рҟны иамоуп еиуеиԥшым аԥсыӡхкқәа. Аха Мҷышь аӡиас иамоу аԥсыӡ, лымкаала акалмаҳа, ахә ҳаракны иршьон еснагь. Убас азоолог Владимир Черниавски 1880 шықәсазы Кавказ зегь аҟны имҩаԥигаз иныҟәарақәа рҟынтәи иааиго ианҵамҭақәа рҟны иаликаауеит Мҷышь аӡиас аҟны аԥсыӡ хаа амоуп ҳәа, ианҿоу акәаԥ еиқәаҵәақәа зқәыԥсоу, ианазҳалак – акәаԥ  ҟаԥшьқәа.

Иахьа ари акалмаҳааӡарҭа хылаԥшҩы хадас дамоуп акыр шықәса раахыс уаҟа аус зуа Агрба Маиа Шьмаҭ-иԥҳа. Лара далгеит Абнааӡара иазкыз атехникатә институт Москва ақалақь аҟны. Аҵара далганы данаа ауп лқыҭа гәакьаҟны аусура даналагазгьы. Акалмаҳааӡарҭа аусзуҩцәа ишырҳәо ала, лара лаҟарагьы уи аус здыруеи иара аҭоурых здыруеи даҽаӡә дыҟам. Ииашахаҭаны, уи лажәабжьқәагьы ҳдыршанхеит.

Иаҿашәеит сыҵәгәыр: Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭоурых

"Убас иҟалеит, абра дааргеит Сталин, иԥсы ишьон, аԥсыӡкра даҿын. Абра инхоз аҷкәынцәа аԥсыӡ шыркуаз абас идууз (иаҳлырбеит лнапала - азгә.) амлагәыр ркит. Иара ибеит, дхагахеит, аҟыԥҳәа Москваҟа дасит Микоиан ишҟа, иаарласны акомиссиа аашәышьҭ абра абас-абас иҟоу ҳәа. Ара иаан, адәы ҭырҵааит, адгьыл егьи зегьы ҭырҵаан, иара атәоуп рҳәан, убри инаркны абра абри аԥсыӡ ааӡара иалагеит", - ҳәа ҳалҳәеит лара.

1934 шықәса инаркны ишьақәгылеит ари акалмаҳааӡарҭатә ҭыԥгьы.

Раԥхьаӡа ианалагоз амлагәыр акәын ирымаз. Амлагәыр амшын аҿынтәи иааны абра акәырҭқәа ааннажьуан. Ианаауа рдыруан, иркуан, аҭыԥқәа рҟны иҭаҵаны ирааӡон. Иахьа ирымоуп х-хкык: амлагәыр, акалмаҳа қаруа (янтарная форель), акалмаҳа цәаҟәаԥштәылеи (радужная форель). Ааӡарҭатә ҭыԥқәа ракәзар, 17 – еизҳахьоу аԥсыӡ дуқәа зҭои, 11 – аԥсыӡ ссақәа зҭои. Есааира урҭ реизырҳарагьы рҽазыршәоит. Убас хазы иаадыртит апҟыш (акарп) ааӡарҭа ҭыԥгьы.

Иаҿашәеит сыҵәгәыр: Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭоурых

"Нас дара раамҭа анааилак, амшын ахь ицоит, нас убри аамҭазы, аԥшьбатәи ашықәс аан ианазҳалак, дырҩегьых ара иаауан, ара иааны дырҩегь акәырҭ канаԥсон. Ус иҟоуп иара аԥсҭазаашьа. Уи ус ишаҿыз иҵегь ааӡарҭа ҭыԥқәа дыргылеит аҩбатәи, ахԥатәи. Ус ишаауаз Москва ироуит Американтәи акәырҭ. Абри уажә иҳааӡо ҳара убри акәырҭ абжа арахь иаарышьҭит. Убас, 1949 шықәса инаркны иахьауажәраанӡа абри аԥсыӡ ааӡара иалагеит. Ари анхамҩа аӡбахә анҭыҵгьы ирдыруан. Ара имааиц ҳәа уаҩ дыҟамызт, асасцәа аҭаауан. Аҵарауаа дуқәагьы адиссертациақәа  ҳаԥсыӡ аӡбахәала ирыҩхьеит. Асовет аамҭазы ара аҭҵаарақәа ахьымҩаԥыргоз алабораториагьы аартны ирыман", - ҳәа акалмаҳааӡарҭа лгәыбылра шацу аныԥшуа иҟоу, иану ҳарбо ҳзеиҭаҳәара даҿын Мери Агрба.

Иаҿашәеит сыҵәгәыр: Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭоурых

Иазгәаҭатәуп, араҟа игылоу ахыбраҿы анкьа аусзуҩцәа еиҳабацәа усуратә ҭыԥны иахьрымаз адагьы, аԥсшьарҭатә уадақәа аманы ишыҟаз, анҭыҵынтәи иаауаз асасцәа ахьаангылоз. Иахьа уи аибашьра иарбаганы игылоуп, аха иахьагьы уи аԥшӡара аҭоурых аамҭақәа иргәылсны иааԥшуеит.

"Аӡы иаанагаз аӡы ианаго"

Акәырҭ амырхуеит ԥхынҷкәын абжа инаркны хәажәакыранӡа. Рхәы хаз-хазуп. Дара-дарала еибафар ауеит. Мҷышь аӡы хьшәашәоуп цәгьала, азҳара хәыҷык иаркәадоит. Ҩышықәса иааӡатәуп 200 грамм инаркны фышә рҟынӡа инеиуа аԥсыӡқәа.

Иаҿашәеит сыҵәгәыр: Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭоурых

"Абри аучасток зегьы ҭәын, иахьа иҭацәқәоу рацәоуп. Ҵыԥх ноиабр азы аԥхасҭа ӷәӷәа ҳауит, ақәа анауы. Ақәа ӷәӷәаны илеит, ашьхантәи аӡы шьҭыҵит. Аӡҭарчқәа умбо аӡы рхыҵәеит. Егьи, аҩбатәи аԥхасҭа иҳауз, афатә ирҿаҳҵо ҳәа зны иаҳзааргаз ҽеимызт, убригьы даара идуны иаҳԥырхагахеит", - ҳәа ҳалҳәеит Мери Агрба.

Иаҿашәеит сыҵәгәыр: Мҷышьҭатәи акалмаҳааӡарҭа аҭоурых

Аԥсуа-ақырҭуа еибашьраангьы ари ааӡарҭа ҭыԥ аԥхасҭа аиухьан, аԥсыӡқәа ирҿарҵоз ахьрымамыз иахҟьаны. Аибашьра анеилга ашьҭахь, 1996 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ицхыраара абзоурала ҿыц ихацыркын ари аус. Уажәы араҟа аус руеит 25-ҩык аусуҩцәа, рызегьы Оҭҳара ақыҭеи уи ааигәеи инхо роуп. Еиҳабыс дамоуп Ражьден Агрба. Аусзуҩцәа ишырҳәо ала, русура афеида анрынаҭо аиҳарак аԥхын аамҭазы ауп, аԥсшьацәа анаауа.

Аԥсуаа рҟны "зқьы ааӡаны шәкы абна иаҭ" ҳәа ишырҳәо еиԥш, арҭ аԥсыӡааӡаҩцәагьы есышықәса шәнызқь рҟынӡа аԥсыӡ Мҷышь иарҭоит, аха уантәи зыԥсы ҭаханы амшын ахь ицо маҷуп рҳәоит, избанзар аԥсыӡкцәа изинтәым афымцатә мыругақәа рыла иркырц ианалаго, иршьуа рацәоуп. 

Аԥсыӡ аԥсуаа разгәаҭарақәа рҿы

Аԥсыӡкразы аԥсуаа рхы иадырхәоит абарҭ амаҭәарқәа: акаҭа, аҵәларс, аркьыц, аҵәгәыр. Дара аԥсыӡкыга маҭәахәқәа рырацәарагьы, аԥсуаа ирымоу амшынтә лексикагьы иунарбоит аԥсыӡкратә нхамҩа жәытә аахысгьы иҿианы ишрымаз. Иазгәаҭатәуп, ишыҟаз аамҭа аԥсуаа аԥсыӡ анырымфоз, амҳаџьырра иагаз ауаа амшын иашьит, аԥсыӡ иафеит ҳәа иԥхьаӡаны.

Иара убасгьы иҟоуп убри аҩыза азгәаҭара, ахәыҷы ацәажәара далагаанӡа аԥсыӡ иҿауҵар ҟалаӡом ҳәа, избанзар аԥсыӡ шзымцәажәо еиԥш дҿаҳахар ауеит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы>> 

Иҳәатәуп аԥсуа мифологиатә персонаж Ӡызлан лыԥшра аԥсыӡ ишеиԥшу: "лцәа еилаарцыруа", "иҵәырҵәыруа", "лшьапԥынҵақәа ашьҭахьҟа иханы" лсахьа ҭырхуеит уи лыӡбахә анырҳәо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: