Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАӡиасқәа
Аӡиасқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡиасқәа жәларбжьаратәи рымш аҽны аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны аӡиасқәа ирыдҳәало аматериал.

Аԥсны зегьы иҟоу аӡиасқәа рҟынтәи хә-ӡиаск дуқәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп (Кәыдры, Бзыԥ, Егры, Ԥсоу, Гәымсҭа), 40 рҟынӡа ибжьаратәу ҳәа ишьоуп, егьырҭ ӡиас ссақәоуп.

Зегь раасҭа иауу

Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу аӡиасқәа зегь раасҭа иаууп ҳәа ишьоуп Бзыԥ. Иара аура 116 километра инаӡоит.

© Тенгиз Тарбааӡиасқәа зегь раасҭа иаууп ҳәа ишьоуп Бзыԥ
Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара - Sputnik Аҧсны
аӡиасқәа зегь раасҭа иаууп ҳәа ишьоуп Бзыԥ

Зегь раасҭа икьаҿу

Реԥрыуа – Аԥсны зегь раасҭа икьаҿуп, иара адунеи аҿы иҟоу аӡиас кьаҿқәа ируакуп. Аура 20 метра заҵәык ауп иҟоу.

© Sputnik Томас ТхайцукРеԥрыуа – Аԥсны зегь раасҭа икьаҿу аӡиас
Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара - Sputnik Аҧсны
Реԥрыуа – Аԥсны зегь раасҭа икьаҿу аӡиас

Зегь раасҭа амчхара змоу

Аԥсны зегь раасҭа имчхоу ӡиасуп Кәыдры. Кәыдры есышықәса миллион тонна рҟынӡа аинерттә материал ҭнагоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зегь раасҭа имчхоу ӡиасуп Кәыдры
Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зегь раасҭа имчхоу ӡиасуп Кәыдры

Зегь раасҭа ихьшәашәоу

Аԥснытәи аӡиас дуқәа зегьы хьшәашәоуп ҳәа ишьоуп, избанзар дара зегьы ашьхарахь рхы ыҵыргоит. Арҭ аӡиасқәа аӡынразы бжьаратәла – 4°С иҟоуп, аԥхынраз –19°С.

© Sputnik Томас ТхайцукГәымсҭа
Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа

Амиф еиҭазкуа

Гәдоуҭа араион аҿтәи аӡиас Хыԥсҭа ахьӡ "ахьы" аҟынтәи иаауеит, ажәытә ахьы ҭнагон ҳәа иршьоит, аха аҵарауаа ргәаанагарала ари ахьӡ "аҳаша" (ахаҳә шкәакәа) аҟынтәи иаауеит.

Ахьы ҭызго аӡқәа

Ажәытәан Кәыдры, Бзыбь, Кьылашәыр рхыҵхырҭаҿ ахьы ыҵырхуан. Ажәытә ажәабыжьқәа рыла аҭыԥантәи ауаа ауасацәа аӡы ианӡаарҵалак, ахьыԥслымӡ еизнагон. Абри акәзар ҟалап ахьыуаса-цәа иашьҭаланы амшын иӡхыҵыз аргонавтцәа ирызку абырзен миф хыҵхырҭаны иамоугьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук  / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБзыԥ
Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара - Sputnik Аҧсны
Бзыԥ

Реиҳа аԥсыӡ зҭоу аӡиас

Гәдоуҭа араион иатәу аӡиас Мҷышьҭа (Черная речка) реиҳа аԥсыӡ амоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭа араион иатәу аӡиас Мҷышьҭа
Аԥснытәи аӡиасқәа рыхкырацәара - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион иатәу аӡиас Мҷышьҭа

Аԥсуа еставелла

Аԥсабаразы иуникалны иԥхьаӡоуп ашьхарантә амшын иазцо аӡиас ҭыԥк аҿы шьҭахьҟа ахынҳәра. Аҵарауаа ари еставелла ҳәа иашьҭоуп. Абасеиԥш убар ауеит хыԥсҭа аӡиас аҿы, Ҩԥсара аҿы. Аҵыхәтәантәи аҿы аӡы убасҟак ирласны аҽаҵәахуеит, иҭоу аԥсыӡ адәы иқәхо аҟара.

Аматериал азырхиараан ацхыраара ауит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекологиа Аинститут.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0