"Ари ԥсшьарҭа ҭыԥуп, ахәшәтәырҭа ҳәа азуҳәар иашаӡам. Ауаҩы даауеит, иԥсы ишьарц азы, аамҭа қьафшақә ихигарц азы. Иааиуа зегьы иргәаԥхоит, аха иахәшәтәуа ачымазарақәа ҳәа ишьақәыргылан иҳамаӡам. Акызаҵәык, аџьыка змоу, хыхьынтә илеиуа аӡырԥхақәа ҳахәоит ҳәа рҳәоит, уи иаҳҭаауа ражәақәа рыла ауп. Аԥсшьарҭа ҭыԥ аҿы х-бассеинк аус руеит. Иҳамоуп хыхьынтә илеиуа аӡырԥхақәагьы, дара раҳаракыра 25-30 метра иҟоуп, адгьыл аҟынтә иҵыҵуа аӡы 110-120 градус ишуп. Аԥхьа иара абассеин ахь инеиуеит, анас аӡымҩангақәа ирҭаланы хланҵы илеиуеит. Уи аӡы 10-15 минуҭ иреиҳаны уаҵагылар шыҟамло атәы аԥсшьарҭатә ҭыԥ иаҭаауа рзы аҩырақәа кыдуп. Иааиуа акы дазҵаар иҭахызаргьы, аҭак изҭаша амедиаҳәшьагьы аус луеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҷҟониаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.