Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷҟониаԥҳа Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рзы: ахәышәтәра иазкым, ԥсшьарҭа ҭыԥуп

© Foto / из личного архива Джулетты ЧкониаЏьулетта Чҟониаԥҳа.
Џьулетта Чҟониаԥҳа.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кындыӷтәи аӡырԥхақәа абар шьҭа 12 шықәса ҵуеит аҭыԥантәи ауааԥысреи ҳтәыла иаҭаауа аԥсшьаҩцәеи аднакылоижьҭеи. Иара аӡәырҩы рзы бзианы ибаны изҭаауа ҭыԥны иҟалеит. Уи аусура шеиҿкаау атәы, насгьы аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны ирҭааз рхыԥхьаӡара атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рҿы аус зуа Џьулетта Чҟониаԥҳа.
Ҷҟониаԥҳа Кындыӷтәи аӡырԥхақәа рзы: ахәышәтәра иазкым, ԥсшьарҭа ҭыԥуп

"Ари ԥсшьарҭа ҭыԥуп, ахәшәтәырҭа ҳәа азуҳәар иашаӡам. Ауаҩы даауеит, иԥсы ишьарц азы, аамҭа қьафшақә ихигарц азы. Иааиуа зегьы иргәаԥхоит, аха иахәшәтәуа ачымазарақәа ҳәа ишьақәыргылан иҳамаӡам. Акызаҵәык, аџьыка змоу, хыхьынтә илеиуа аӡырԥхақәа ҳахәоит ҳәа рҳәоит, уи иаҳҭаауа ражәақәа рыла ауп. Аԥсшьарҭа ҭыԥ аҿы х-бассеинк аус руеит. Иҳамоуп хыхьынтә илеиуа аӡырԥхақәагьы, дара раҳаракыра 25-30 метра иҟоуп, адгьыл аҟынтә иҵыҵуа аӡы 110-120 градус ишуп. Аԥхьа иара абассеин ахь инеиуеит, анас аӡымҩангақәа ирҭаланы хланҵы илеиуеит. Уи аӡы 10-15 минуҭ иреиҳаны уаҵагылар шыҟамло атәы аԥсшьарҭатә ҭыԥ иаҭаауа рзы аҩырақәа кыдуп. Иааиуа акы дазҵаар иҭахызаргьы, аҭак изҭаша амедиаҳәшьагьы аус луеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҷҟониаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0